Хазы игоу атематикатә блок изкхоит аҭоурыхдырҩы, ажурналист, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран, Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ԥыхьатәи адиректор Алеқсандр Тариа.
Иара убас Вадим Бжьаниа (1934 – 2014шш.) – аҭоурыхдырҩы, археолог, аҭоурыхҭҵааратә дыррақәа ркандидат, «Ахьӡ -Аԥша» аорден III аҩаӡара акавалер игәалашәаратә хәылԥазы амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә хьӡи-ԥшеи рмузеи адиректор, Аԥсны Афырхаҵ Мзиа Беииа ишеиҭалҳәаз ала, лаҵарамза 18 рзы амузеи иаҭаауа иахәаԥшыр рылшоит Тамбовтәи аобласттә атәылаҿацәтә музеи иаанагаз апланшеттә цәыргақәҵа «Аиааиранӡа анаӡара: Виачеслав Гроздов имшынҵақәа раԥхьарала» («Восхождение к победе: читая дневники Вячеслава Гроздова». Уи 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан зынӡа иқәыԥшӡаз Виачеслав Гроздов иҟаиҵаз амшынҵақәа рҟынтәи иҵабыргу иуникалу адокументалтә шаҳаҭрақәа рыла ишьақәгылоуп.
Амузеи аҭааҩцәа иара убас ирыдгалахоит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба, Аԥсны раԥхьатәи атәылахьчара аминистр Владимир Аршба, иара убас Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Екатерина Синиавскаиа ирызку афотоцәыргақәҵақәа.
«Ҳара ажәлар идҳарбаша ҳамоуп. Ҳмузеи аҿы зегьы ҳарзыԥшуп», – ҳәа илҳәеит Мзиа Беииа.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи аҿы акциа мҩаԥыслоит асааҭ 19:00 инаркны асааҭ 24:00 рҟынӡа иаарту ашәқәа рформат ала. Уи аԥсуа ҩыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра иазкхоит.
Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи адиректор Светлана Қорсаиаԥҳа илҳәеит акциа 2016 шықәса раахыс ишымҩаԥырго. «Ҳара алитературатә хәылԥазы, афотоцәыргақәҵа, адокументалтә фильм, иара убас аекскурсиа ҳархиеит», - ҳәа илҳәеит Д. Гәлиа ихьӡ зху амузеи адиректор Светлана Қорсаиа.
«Аҵх амузеи аҟны» - жәларбжьаратәи акультуратә акциа ауп. Раԥхьаӡа акәны уи мҩаԥысит Франциа, 1999 шықәса рзы. Аԥсны ари акциа амҩаԥгара иалагеит 2015 шықәса раахыс Аҳәынҭқарратә музеи аԥшьгарала.