Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Алаҵаразы аџьықәреи аахәаразы 4 млн. мааҭ азоужьуп. Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит атәыла ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
«Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьания иҳаҩсыз ашықәс азы иҟалаз аарҩара иахҟьаны аҽаҩра ахьмаҷыз инамаданы ақыҭақәа рҿы алаҵаратә кампаниа амҩаԥысшьа аилкааразы анапынҵа ҳаиҭеит. Ақыҭақәа рхадацәа ҳанрыҿцәажәа зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәа, иара ақыҭауаа иааизакны алаҵаразы аџьықәреи маҷны ишрымоу еилкаахеит. Атәыла Анапхгара Очамчыреи Гәдоуҭеи араионқәа рқыҭақәа рзы 20-20 тонн алаҵатә џьықәреи аахәаразы аԥарақәа рыԥшаара алнаршеит», – ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.
Гәдоуҭа араион ахь 19 тонна ибзиоу алаҵатә џьықәреи наргеит. Аџьықәреи ақыҭақәа рызшара иалагахьеит.
Ари цхыраара духеит анхацәа рзы. Аԥхьа алаҵатә рыҭахоит ацхыраара зҭаху аҭаацәа, ахәыҷырацәа змоу, аибашьра аветеранцәа.
«Ари амчыбжь азы аџьықәреи ажәла Очамчыра араион ахь инагахоит», – ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.
Аминистр иазгәеиҭеит, Аҳәынҭқарра Ахада идҵа ала Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥсныбылтәы» атәыла аҩ-раионк рҿы алаҵаратә усурақәа рымҩаԥгаразы иазоунажьит 40 тонна инарзынаԥшуа адизельтә былтәы. Абылтәы иара убас зматеритә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәеи аибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәарақәеи ирызшахоит.