Олег Бӷажәба иаб дшигәалашәо атәы еиҭеиҳәеит:
«Саб ахаангьы ибжьы рдуны дысмацәажәаӡацызт, инапгьы сара сахь ишьҭиимхӡацызт. Сара уи ҳаҭыр-пату иқәысҵон, изаку сыздырам, аха маҷкгьы сицәшәон. Сааӡара иара митәык далахәӡамызт, сзааӡоз аиҳарак сан лганахаьала санду лакәын. Зны-зынла саб аинститут ахь сигалон. 14-15 шықәса анысхыҵуаз, иара иӡбеит сара сархеологны сҟалароуп ҳәа. Убри аамҭазы дцәырҵит Михаил Ҭраԥшь, сара уи Қарҭтәи аспирантура дҭалаанӡа аҽыруаҩ имаҭәа ишәҵаны дызбеит, убасгьы сгәалашәараҿы даанхеит. Саб сара ирацәаны археологиа азы ашәҟәқәа сзааихәон, нас Аҟәатәи абааш ахь археологиатә ԥшаарақәа рахь сигалон. Уи даара деигәырӷьон иареи сареи ҳахьеибадырыз, археологиатә жрақәа ахьеицымҩаԥаагоз».
А.А. Тахо-Годи ихьӡ зху Даӷьсҭантәи апедагогиакатә анаука-ҭҵааратә Институт аурыс бызшәеи алитературеи рсектор анаукатә усзуҩ еиҳабы Мииасаҭ Муслимова еизаз зегьы аконференциа аартреи академик Хәыхәыҭ Бӷажәба игәалашәара иазку аусмҩаԥгатә амҩаԥгареи рыдылныҳәалеит.
«Иналукааша аҵарауаҩ иӡбахә анаҳҳәо, ҳара уи иеихьӡарақәа рыдагьы, иара иуаҩреи иаамсҭашәареи ртәы ҳгәалаҳаршәоит. Избан акәзар, ус еиԥш иҟоу ауаа иҳараку апараметрқәа аадырԥшуеит амилаҭтә ҩаӡарақәа алыркаауеит», - ҳәа илҳәеит Мииасаҭ Муслимова.
Лара Геннади Аламиеи Владимир Занҭариеи Кавказ ашәҟәыҩҩцәа Рыклуб ала иаԥҵоу Салих Гуртуев ихьӡ зху амедал раналшьеит.
Апленартә еилатәара аҿы Хәыхәыҭ Бӷажәба иԥсҭазааратә мҩеи инаукатә ҭынхеи» атема ала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит афилологиатә наукақәа рдоктор, ААУ апрофессор Лили Ҳагба, «Салуман Бӷажәба сибратәи иаамҭахәҭа» атема ала ажәахә ҟаиҵеит аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, ААУ апрофессор Станислав Лакоба.
Иаа убас ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит аҵарауаа Ирина Басариа, Инал Гыцба, Мадлена Лакрба.