АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Мшаҧы.2024

Аԥснытәи аҳақьымцәа Урыстәылатәи Иԥсабаратәу анаукақәа Ракадемиа аҳаҭыртә медалқәа ранаршьеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. II Аԥснытәи амедицинатә Фроум аусура зхы алазырхәаз Урыстәылатәи Афедерациа анаука зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, амедицинатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Урыстәылатәи Анаукақәа Ракадемиеи Урыстәылатәи Иԥсабаратәу анаукақәа Ракадемиеи академик Иури Рахманин аԥснытәи аҳақьымцәа аҳаҭыртә медалқәа ранеишьеит.

Урыстәылатәи Иԥсабаратәу анаукақәа Ракадемиа Апрезидиум аӡбамҭа инақәыршәаны, иналукааша аурыс физиолог, Нобельтәи апремиа алауреат  Иван Павлов ихьӡ зху аҳаҭыртә медал ранашьахеит:  

Анжела Арҷелиа – Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра аштатнҭыҵтәи атерапевт Хада, Ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапиатә ҟәша аиҳабы.

Матуа Алиса – Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аексперименталтә паталогиеи атерапиеи Ринститут адиректор анаукатә усуразы ихаҭыԥуаҩ, аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа  аиҳабы.

Екатерина Дашкова лыхьӡ зху аҳаҭыртә медал ранашьахеит:

Шьазина Хәырхәмал – Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апульмонолог Хада, Амилаҭтә аимҳәаду ачымазара аҿагылара апрограмма анапхгаҩы.

Кәарҷиа Мрамза – Амилаҭтә акьыбачымазараҿагыларатә Центр ахирургиа аҟәша аонколог-маммолог.

Каҷараа Ирма – Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа акардиологиа аҟәша аҳақьым-акардиолог.


Read 47 times - Ахаша, 24 Мшаҧы 2024 13:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.