АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Мшаҧы.2024

Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра: Сулҭан Сосналиев иԥсҭазаара зегьы хамеигӡарала Аԥсадгьыл азааԥсареи арратә уалԥшьа анагӡареи ирызкын.

Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа, мшаԥымза 23 рзы Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу, аҳәынҭқарратәи арратәи усзуҩ, Аԥсны уаанӡатәи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны атәылахьчара аминистрс иҟаз, аинрал-леитенант Сулҭан Сосналиев иԥсы ҭазҭгьы 82шықәса ихыҵуан.

«Мшаԥымза 23 Аԥсны жәлари Аԥсны арбџьармчқәа рыруааи рзы агәалашәаратә рыцхәны иҟоуп. Ҳара иналукааша Кавказ аԥа, ар раԥхьагыла, Аԥсны иуадаҩӡаз аамҭазы иҳавагылаз ҳҩыза даҳгәалаҳаршәоит. «Ҳара ҳ-Сулҭан – ус акәын уи иҩызцәеи изааигәаз ауааи шишьҭаз. Иара здырра ҳаракыз, аҟыбаҩи агәеилыххареи злаз уаҩын»,– ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы.

Сулҭан Асламбеқ-иԥа Сосналиев диит мшаԥымза 23, 1942 шықәса рзы Нальчик ақалақь аҿы. 1961 – 1964 шш. рзы  Сызрань иҟоу арра-авиациатә ҵараиурҭеи Георги Жуков ихьӡ зху Арра-дҵаҟаҵаратә академиеи данрылга ашьҭахь Сулҭан Сосналиев 29 шықәса аус иуан Асовет Еидгыла аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа рҿы. Иара аԥырҩы инаиркны аҳаирхәҭа адҵаҟаҵаҩ иҟынӡа амаҵурамҩа данысит, ихырҵеит Асовет Еидгыла зҽаԥсазтәыз арратә ԥырҩы ҳәа ахьӡ, ианаршьеит Арратә Бираҟ Ҟаԥшь аорден.

1989 шықәсазы Асовет Еидгыла зҽаԥсазтәыз арратә ԥырҩы ҳәа ахьӡ иманы Сулҭан Сосналиев Асовет Арбџьармчқәа рҟнытә хатәгәаԥхарала дцоит. Иазгәаҭатәуп, Асовет Еидгыла ыҟанаҵ, адыгацәа рыҟнытә иара заҵәык шиакәу абас зыҩаӡара ҳараку ахьӡ занашьахаз.​

1990 шықәса инаркны иара Ҟабарда-Балкариа иҟаз аргыларатә хеидкыла «Каббалкгражданстрои» аҟны адиректор хада ихаҭыԥуаҩыс аус иуан. Сулҭан Сосналиев, усҟантәи ашықәсқәа рзы иаԥҵаз Кавказтәи Ашьхарыуаа жәлар Рконфедерациа арра аҟәша еиҳабыс иҟаз, ибзиаӡаны еиликаауан, Аԥсны имҩаԥсыуа ахҭысқәа иаарту бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара шахылҿиаауа атәы. Аибашьра алагаанӡа диабадырит Владислав Григори-​иԥа Арӡынба, хаҭала даҭаахьан Қырҭтәыла Аԥсныи рҳәаа, аӡиас Егры – арратә профессионалк иаҳасаб ала, уаҟатәи аҭагылазаашьа ахәшьара аҭаразы.​ ​ ​

Нанҳәамза 15, 1992 шықәса рзы, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага аҩбатәи амш азы, Ԥсоу аӡиас дықәсны, ақырҭуа ардыԥхьалақәа рнапаҿы иҟаз Гаграгьы далсны, Сулҭан Сосналиев Нхыҵ-Кавказтәи хатәгәаԥхарауаа гәыԥҩық дрыцны Гәдоуҭатәи аштаб аҿы дыҟан, иашьцәа аԥсуаа днарывагылеит. Аамҭак ашьҭахь, уи дахцәажәо иинтервиуқәа руак аҿы иҳәеит: «Аԥсныҟа аламыс ауп саазгаз» ҳәа.

Акадртә афицарс иҟаз, арра-академиатә зыҟаҵара бзиа змаз Сулҭан Сосналиев ипрофессионализмреи, идыррақәеи, имоу ахачҳареи, ҳәарада, аибашьра ацашьаҿы анырра ду анаҭеит.

Нанҳәамза 16, 1992 шықәса рзы Сулҭан Сосналиев Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб хада анапхгаҩыс дҟарҵеит, нанҳәамза 18, 1992 шықәса рзы Аԥсны ахьчара азы Аҳәынҭқарратә штаб анапхгаҩыс дҟаҵан. Аштаб Ахадас Сосналиев дҟаҵан 1992 шықәса, жьҭаарамзазы, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анаԥырҵа ашьҭахьҵәҟьа. Иара уи аамҭазы атәылахьчара аминистр Владимир Аршба ихаҭыҧуаҩсгьы дыҟан. 1993 шықәса, мшаԥымзазы Аршба иоуз ахәреи аконтузиеи ирыхҟьаны ахәышәтәрахьы дрышьҭыр акәхеит, Сулҭан Асламбеқ-иԥа аминистр инапынҵақәа наигӡо далгеит.

Мшаԥымза 25, 1993 шықәса рзы Сулҭан Сосналиев Аԥсны атәылахьчара аминистрс дҟарҵеит.  

Аԥсны Арбџьармчқәа рышьақәыргылара, Ареспублика Аԥсны бџьаршьҭыхлатәи агрессиа аҟынтәи ахьчара аҿы иналукааша илагала ду азы, лаҵарамза 21, 1993 шықәсазы  Сулҭан Сосналиев «аинрал-маиор» ҳәа арратә чын ианашьахеит.

Ампыҵахалаҩ инапаҵаҟа иҟаз Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа қәҿиарала амҩаԥгара азы, ԥхынҷкәынмза  30, 1993 шықәса рзы Сулҭан Асламбеқ-иԥа Сосналиев  «аинрал-леитенант» ҳәа арратә чын ианашьахеит.

Цәыббрамза 27, 1994 шықәса рзы  Сулҭан Сосналиев иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы Владислав Арӡынба идҵала Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵан, аинрал-леитенант ичын иҭан.

Аԥсны ахьыԥшымра азаагараҟны, Арбџьармчқәа раԥҵареи реихаҳареи аус аҟны, ҳтәыла ашәарҭадара аиҿкаареи амилаҭтә интересқәа рыхьчареи рҟны Сулҭан Сосналиев иҟаиҵаз алагала ахә ашьара уадаҩуп.

1993 шықәса мшаԥымза инаркны 1996 шықәса рашәарамзанӡа, иара убас 2005 - 2007 шықәсқәа рзы Сулҭан Сосналиев Аԥсны атәылахьчара аминистрс дыҟан. Қәҽиарала имҩаԥигеит, ашьхаҳаракыратә қыҭа Лаҭа аҟны инханы иҟаз ақырҭуа ар ахәҭакқәа рықәцаразы аоперациа. ​

1996 шықәсазы, Сулҭан Сосналиев ар нижьуеит, ԥхьатәара ҳәа акыраамҭа дцоит, изгәакьоу Нальчикҟа дхынҳәуеит. 2005 шықәсазы, Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь Султан Асламбек-иԥа иахь аҳәара ҟаиҵоит, атәылахьчара аминистрра еиҭа дахагыларц. Сосналиев уи дақәшаҳаҭхоит, дагьыҟазаауеит министрс 2007 шықәсанӡа, анаҩс – Ҟабардаҟа дхынҳәуеит.

Сулҭан Сосналиев Аԥсны аҵыхәтәаны даҭаан дыҟан  ҳхақәиҭра 15 шықәса ахыҵра аназгәаҳҭоз - цәыббрамза 30, 2008 шықәса рзы.

Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны Аҳәынҭқарра арбџьармчқәа ринрал-леитенант, иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» актәи аҩаӡара акавалер, Аԥсныи Ҟабардеи рҵеи хьӡырҳәага иԥсҭазаара далҵит 2008 шықәсазы, абҵарамзазы. Аҟәа агәҭаны, аԥсадгьыл ахьчацәа анышә иахьамадоу Ахьӡ-аԥша апарк аҟны, дызцеибашьуаз иҩыза – аинрал Сергеи Дбар ибаҟа ахьгылоу, игылоуп Султан Сосналиев ибиустгьы.

«Иԥсҭазаара зегьы хамеигӡарала Аԥсадгьыл азааԥсареи арратә уалԥшьа анагӡареи ирызкын. Сулҭан Асламбек-иԥа Асовет Еидгыла Арбџьармчқәа реиԥш Аԥсны Арбџьармчқәеи рырратә мчы арӷәӷәара аҿы злага дуу, ауаҩреи агәамч ӷәӷәеи  арратә ҟыбаҩи злаз ар раԥхьагыла иаша иакәын.  Ҳара еиҵагыло абиԥара Сулҭан Асламбеқ-иԥа Сосналиев еиԥш иҟаз Аԥсны ахьчаҩцәа рфырхаҵареи ргәымшәареи аҽырԥшқәа рыла иҳааӡоит», – ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны атәылахьчаратә Хылаԥшырҭа Хада.

 

 

 

 


Read 192 times - Ахаша, 24 Мшаҧы 2024 10:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.