АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Хәажәкыр.2024

Дмитри Осиа: «Агәра згоит Аҟәа инхо ауааԥсыра зегьы хәажәкырамза 17 рзы ртәылауаҩратә позициа ҭакԥхықәала ишаадырԥшуа».

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа Аизара адепутатцәеи хаҭала иара ихьӡалеи аҳҭнықалақь ауааԥсыра рахь имҩаԥысраны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рыҽрыладырхәырц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.

Ааԥхьара атекст аҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу аҳҭнықалақь ауааԥсыра! Аҟәа ақалақьтә Еизара ахьӡала шәара шәахь акыр зҵазкуа ааԥхьара ҟасҵар сҭахуп! Хәажәкырамза 17 рзы имҩаԥгахоит ҳара ҳастратегиатә портниор хада, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа. Сара Аҟәаа зегьы шәахь аҳәара ду ҟасҵоит алхрақәа шәыҽрылашәырхәырц азы.   

Урыстәылатәи Афедерациа – Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз раԥхьатәи тәылоуп, асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу  азҵаарақәа рыӡбараҿы есымша адгылара ҳазҭо, ҳҳәаақәа рыхьчараҿы хәызмаӡам ацхыраара ҳазҭо ҳәынҭқарроуп.  Иахьа, «Аколлективтә Мраҭашәара» ҳәа изышьҭоу амчқәа зегьы ҳастратегиатә партниор иҿагылара ианазырхо аамҭазы, ҳара даҽа аамҭанык еиԥшымкәа акзаара ааҳарԥшыроуп. Иҟоу аҭагылазаашьақәа раан акзаара – ари ҳастратегиатә партниор дуӡӡа адгылара шиаҳҭо аарԥшразы иҳалшо ахәыҷы ауп. Урыстәылатәи Афедерациа адгыларала, аимабзиаратә, апартниортә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара мацарала ауп  ҳара аҭынчреи аҭышәынтәалареи, ҳхәыҷқәа рзы аԥеиԥш бзиеи ҳақәгәыӷыр шалшо».

Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа иаартхоит алхырҭатә ҭыԥқа быжбьа. Урҭ азеиԥшҵааиурҭақәа,  ашколқәа №5, №10, №14, иара убас Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь, Аҟәатәи амедицинатә коллеџь, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә Библиотека ахыбрақәа рҿы ишьақәыргылахоит.  

«Агәра згоит Аҟәа инхо ауааԥсыра зегьы хәажәкырамза 17 рзы ртәылауаҩратә позициа ҭакԥхықәала ишаадырԥшуа. Шәааи ҳабжьы раҳаратә иҟаҳҵап!» – ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Дмитри Осиа.


Read 159 times - Ахаша, 13 Хәажәкыр 2024 10:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.