«Урҭ аоркестр рыцны рашәаҳәара аԥхьарбараны иҟалоит. Апрограмма аҿы ахәаԥшцәа ирыдгалахоит уаанӡа идмырҳәахьаз иҿыцу акомпозициақәа реиԥш, азыӡырҩцәа зегьы еицырдырхьоу ашәақәеи», - ҳәа иазгәеиҭеит Денис Арухаа.
Аоркестр аԥҵан 2016 шықәсазы. Аоркестр арепертуар шьақәгылоуп – аԥсуа ашәақәеи амелодиақәеи рыла. Аԥсуа музыка анаҩс аоркестр инанагӡоит иара убас ирландиатәи, италиатәи, уҳәа амелодиақәа. Аоркестр арепертуар аҿы имаҷӡам Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рмузыкатә номерқәагьы.
Зеилазаара мыцхәы идуум ари аоркестр есышықәса, аҳҭнықалақь анаҩс Аԥсны егьырҭ ақалақьқәа рахь асолотә концертқәа рыла агастрольқәа мҩаԥнагоит. Аоркестр итрадициатәу аԥсуа инструментқәа - ачамгәыр, аԥхьиарца, аҩымаа, аҿырпын, ахымаа, адаул, иара убас ҳаамҭазтәи аинструментқәа - аелектрогитара, асгатә, арыдтә инструментқәа рыла ихәмаруеит.
Аҳасабырбатә концерт мҩаԥгахоит хәажәкырамза 14, асааҭ 18:00 рзы, Р. Гәымба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.