Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ихыркәшахеит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент 70-шықәса ихыҵра иазкны еиҿкааз, хымш-имҩаԥысуаз ашахматқәа рзы атурнир.
Атурнир хада рхы аладырхәит Аԥсны арегионқәа зегьы рҟынтәи 40-ҩык ашахматистцәа.
Актәи аҭыԥ ааникылеит Кәарацхьелиа Ҭрисҭан (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Табариан Артиом (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ - Карапетиан Альберт (ақ. Гәдоуҭа).
Аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Миносиан Сергеи (ақ. Очамчыра), аҩбатәи аҭыԥ - Наҟоԥиа Борис (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ - Пак Леонид ( ақ. Гагра).
16 - шықәса зхымҵыц арԥарцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Хәырхәмал Аинар (ақ. Очамчыра), аҩбатәи аҭыԥ - Багаҭелиа Нестор (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ - Аџьынџьал Аскар (ақ. Аҟәа).
16 - шықәса зхымԥыц аҭыԥҳацәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Лакәатаа-ԥҳа Сарида (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Каменскаиа Софиа (ақ. Шәача), ахԥатәи аҭыԥ - Лакоба Сариа (ақ. Гәдоуҭа).
Атурнир Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭеи иҟарҵаз адгыларала имҩаԥысуан.