«Уажәы сара зыӡбахә сымоу хықәкыла ареспубликатә хатәтәра иаҵанакуа аобиектқәа роуп» , - ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Кәыбраа.
Аҳәынҭқарра Ахада адырра иҭан иҳаҩсыз ашықәс аҩныҵҟа Аҳәынҭмазара аусбарҭа аганахьала априватизациа шрызуыз аобиектқәа быжьба. «2020 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа апривтизациа рызуп 19 обиект ареспубликатә хатәтәра иаҵанакуа 196 млн мааҭ рыхә. 396 млн мааҭ ааит 56 обиект рҟынтәи ԥасатәи ахәышықәса аҩныҵҟала. Азеиԥш еицҵалыҵ иартәеит 1 млрд 56 млн мааҭи 1.6 миллион доллари», - иҳәеит иара.
Беслан Кәыбраа иажәақәа рыла, ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсны ахатәтәраҟны иҟоу амазараҿы напхгараҭара азҵаара аҵак дугьы, актуалрагьы аиуит. «Ҷыдала аҵакы амоуп абри аҭагылазаашьаҟны еиҭамҵуа амазара напхгараҭара, афондқәа рыхәԥса акыр идууп аҟнытә, ус анакәха, абиуџьет ахь ааимҭақәа рышәагаа аизырҳара ҟалоит уи агьышьҭыхтәуп ииашаны ахархәарарала», - ҳәа иҳәеит иара.
Аҳәынҭқарра Ахада априватизациа амҩаԥгараан аҳәынҭқарратә хылаԥшра хымԥада ишаҭаху азгәеиҭеит.
Ирылацәажәеит иара убас анаплакқәеи аиҿкаарақәеи ареестр аҭагалара, аинформациа аизгареи аус адулареи рзы аметодқәа реиӷьтәра; аминистррақәеи, аусбарҭақәеи, администрациақәеи аус рыцура азҵаарақәа уҳәа убас егьырҭгьы.
Аҳәынҭқарратә мазара напхгараҭареи априватизациа азуреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы 2023 шықәсаантәи аусура нарҭбааны анализ азура анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада Беслан Кәыбраа иҭабуп ҳәа иаҳәаны, анапынҵақәеи абжьгарақәеи жәпакы ииҭеит.
«Шәусураҟны акраҵанакуеит ҳәа исыԥхьаӡоит амазара ахархәараан аџьырмыкьатә хәшьара амеханизм ахархәара, аҳәынҭқарратә мазара ахархәаразы илышәхуа ақьыратә хәыԥса азыԥҵәақәа аџьырмыкьаҟны ишьақәгылаз азыԥҵәақәа ираҟараны рыриашара. Ари ҳазнеилароуп. Ари шәареи ҳареи изныкымкәа ҳалацәажәахьеит. Имыцхәу аҳәынҭқарратә мазара ҳамаӡам, уи лыҵшәа аманы ҳхы иаҳархәалароуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.