Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс Аԥснынтәи 13-ҩык алахәылацәа Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль арегионалтә программа аусура рхы аладырхәуеит. Урҭ арегионқәа рҭоурых-культуратә ҭынха, рыԥсабара, рекономикатә потенциал, иқәынхо ажәларқәа рмилаҭтә хкырацәара, уҳәа еиҳа еиӷьны еилыркаарц азы Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рахь амҩа иқәлеит. Убас:
- Валери Берзениеи Викториа Прусенковеи - Волгоградтәи аобласть иаҭаараны иҟоуп,
- Жанна Аиба – Челиабинсктәи аобласть даҭаараны дыҟоуп,
- Беслан Аршба – Ставропольтәи атәылаҿацә даҭаараны дыҟоуп,
- Игнат Копылов – Белгородтәи аобласть даҭаараны дыҟоуп,
- Херсон Симониеи Мрана Блабԥҳаи – Курсктәи аобласть иаҭаараны иҟоуп,
- Ҭенгиз Оҭырба – ЛЖәР даҭаараны дыҟоуп,
- Инал Адлеибеи Арина Чагәааԥҳаи – Ҟрым иаҭаараны иҟоуп,
- Гьаргь Џьопуеи Дариа Хорошихи – Севастополь иаҭаараны иҟоуп,
- Алиона Заикина – ақалақь Санкт-Петербург даҭаараны дыҟоуп.
Урыстәыла арегионқәа рахь амҩа иқәлаанӡа, аҳәаанырцәтәи асасцәа хымш Москва ақалақь аҿы иаангылеит, урҭ Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәҵа (ВДНХ) аҿы ацәыргақәҵа «Урыстәыла» иаҭааит.
Зынӡа 30 инарзынаԥшуа Урыстәыла ақалақьқәа рахь амҩа иқәлеит 2 000-ҩык алахәылацәа. Апрограмма иалоуп атематикатә маршрутқәа хәба: «Урыстәыла анхареи аус ауреи», «Агәалашәара амҩа», «Аҳәаақәа змам атәыла», «Ҳара ҳхынҳәит Урыстәылаҟа», Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-афорум «Урыстәыла».