АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Хәажәкыр.2024

Адырраҭара «Поедем поедим» даҽазнык Аԥсны иҭырхуеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аканал  НТВ аҭыхратә гәыԥ ақьафурҭа «Нарҭаа» аҿы еицырдыруа ачашә «лодочка» аӡра апроцесс ҭырхуеит.

Аҭыхрақәа ԥшьымш имҩаԥыслоит. Апрограмма аепизодқәа руак  Бзыԥ ақыҭан, асаркьа иалху ацҳа ахьыҟоу «Аԥсуа ашҭа» аҿы иҭыххоит.  

Апрограмма «Поедем поедим» апродиусер Екатерина Григолевич, адырраҭара аҿы атуристцәа макьаназы цқьа ирзымдыруа,  аҭыԥқәа -  «Аҩхааҭшәа иаҵәа», («Зелёный каньон»), «Х-чуанк» («Три котла»), аӡхыҽҽа «Адау» (водопад «Великан») дырбара шазԥхьагәаҭоу азы адырра ҟалҵеит.

«Ҳара иҳаӡбеит Риҵа, Пицунда, Сталин идача ахәаԥшцәа дырбара уажәазы мап ацәаҳкырц, избан акәзар арҭ аҭыԥқәа акырынтә ирбахьоу, ирдыруа ауп, уи амыцхәрас иҿыцу, аинтерес зцу аҭыԥқәа дырбара ҳгәы иҭоуп»,  - ҳәа илҳәеит лара.

Апрограмма  аефир ахь ицәырҵуеит мшаԥымза 27 рзы.

«Ҳара ауаа рыхдырра аҿы Аԥсны иадҳәалоу аинерес зҵоу ачыс хкқәа рыҟаҵара апроцесс аҭыхра ҳгәы иҭоуп, уахь жәаҳәарада иаҵанакуеит ашашлык ҳәа изышьҭоу акәацлыхгьы», - ҳәа адырра ҟалҵеит Екатерина Григолевич. 

Ари амҩаԥгаҩ Федерико Арнальди имҩаԥиго Аԥсны иҭырхыз аҩбатәи аҭыжьымҭа ауп.  

«Фы-шықәса раԥхьа араҟа иара убасҵәҟьа апрограмма ҭижьхьан амҩаԥгаҩ Џьон Уоррен», - ҳәа еиҭалҳәеит апродиуссер.

 


Read 140 times - Амҽыша, 10 Хәажәкыр 2024 19:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.