Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба 70-шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы имҩаԥгаз ашахматтә турнир аҩбатәи амш, хәажәкырамза 9 рзы еицлабуан Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи 40-ҩык 12-шықәса зхымҵыц ашахматист ҿарацәа.
12-шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Топчиан Армен (Гәылрыԥшь аҳабла), аҩбатәи аҭыԥ – Мықәба Руслан (ақ. Пицунда), ахԥатәи аҭыԥ – Жирков Герман (ақ. Аҟәа).
12-шықәса зхымҵыц аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Лакоба Сариа (ақ.Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ – Смыр Мирра (ақ. Афон Ҿыц), ахԥатәи аҭыԥ – Сақаниа Саниа (ақ. Аҟәа).
10 – шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Аҩардан Сандро (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ – Тос-оглы Кемаль (ақ.Гагра), ахԥатәи аҭыԥ – Бганба Даниель (ақ. Аҟәа).
10 – шықәса зхымԥыц аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Ԥалаванӡиа Анна (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ – Тамбиа Сариа (ақ. Аҟәа).
Аԥхьахәқәа згаз зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.
Атурнир Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭеи иҟарҵаз адгыларала имҩаԥысуеит.