10.Хәажәкыр.2024
Константин Ҭыжәба «Аԥсны абаҩарҵәыреи аспорти Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьоуп.
Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашахматтә спорт аҿиара аҿы илагала дууи иҳараку изанааҭдырра аҩаӡареи рзы Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Андреи-иԥа Ҭыжәба ианашьоуп «Аԥсны абаҩарҵәыреи аспорти Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.
Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.