Аспектакль далахуп Павел Алиохин – актиор, Виачеслав Полунин иҵаҩы.
Еизгахо аԥаратә хархәагақәа зегьы К. В. Ковач ихьӡ зху Ахәыҷтәы аҟазара ашкол аиҭашьақәыгылара ахь идәықәҵахоит.
Аспектакль мҩаԥысуеит хәажәкырамза 9, асааҭ 16:00 рзы.
Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Альбина Иаруллина авторсгьы анапхгаҩыси дызмоу акультура-рккаратә проект «Абхазский берег», иара убас К. В. Ковач ихьӡ зху Ахәыҷтәы аҟазара ашкол ахәыҷқәа амоноспектакль «Клоун Авабука» ахь ааԥхьара рырҭоит.
Аспектакль «Клоун Авабука» – ари иччарху, иара убри аамҭазы игәырԥшаагоу асценақәа рыла ишьақәгылоуп. Араҟа абжьааԥнытәи ахҭысқәа роума, амаҭәарқәа роума, зегьы анашанатә цәаҩа рыҟәнылоит: еикәаԥсоу аурашәага аиаҵәа алҵуеит, ақьаад иану асалам шәҟәы иӷбаны иаақәгылоит, аиалаҳәара хәыҷы акәзар - ахәыҷы. Ара имҩаԥысуа зегьы –аинтерактивтә хәмарраны иҟоуп, уи ара иҟоу зегьы рҽаладырхәуеит.