АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Хәажәкыр.2024

Апартиа «Аиҭаира» аџьынџьуаа рахь Урыстәыла Ахада иалхрақәа рҽыладырхәырц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аиҭаира» аполитхеилак аџьынџьуаа рахь Урыстәыла Ахада иалхрақәа активла рҽыладырхәырц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

«Хәажәкырамза 17, 2024 шықәса рзы имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны азы ихадоу астратегиатә партнир, ҳтәыла ашәарҭадара агарантс  иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа. Алхрақәа рзы алхырҭатә ҭыԥқәа Аԥсныгьы иаартхоит.   Аполитикатә партиа «Аиҭаира» аполитхеилак Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу ҳџьынџьуаа рахь алхрақәа активла рыҽрыладырхәыц азы ааԥхьара ҟанаҵоит. Ари амш аҽны Урыстәыла анаҩстәи аҿиара акурс шьақәырӷәӷәахоит, уи ҳаамҭазтәи адунеи аҿы аҭыԥ ҩаԥхьа иалкаахоит.  Уи иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ҳара ҳтәылагьы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш», - ҳәа иаҳәоит ааԥхьара атекст аҿы.

 


Read 135 times - Амҽыша, 10 Хәажәкыр 2024 16:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.