Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 8 инаркны хәажәкырамза 10-нӡа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба 70-шықәса ихыҵра иазку ашахматқәа ртурнир. Атурнир актәи амш азы аицлабра рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи 70-ҩык 9-шықәса зхымҵыц ашахматист ҿарацәа.
9-шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Хьынҭәба Глеб (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ - Бганба Даниель (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ - Шалин Иван (ақ. Аҟәа).
9-шықәса зхымҵыц аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Ԥалаванӡиа Анна (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Агрба Амира (ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥ- Гәылариа Емили (ақ. Гәдоуҭа).
7-шықәса зхымҵыц аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Мықәба Игнати (ақ.Пицунда), Хонӡиа Саломеа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥқәа - Аргәын Демид (ақ. Аҟәа), Гәыргәылиа Алеқсандра (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа - Назаренко Марк (ақ. Аҟәа), Шамба Софиа (ақ. Аҟәа).
Аԥхьахәқәа згаз зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.
Атурнир Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭеи иҟарҵаз адгыларала имҩаԥысуеит.