АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Хәажәкыр.2024

Михаил Мишустин Аелита Ахьиба Жәларбжьаратәи аҳәса Рымшныҳәа Хәажәкырамза 8 лыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахада Михаил Мишустин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иԥшәмаԥҳәыс - Аелита Ахьиба Жәларбжьаратәи аҳәса Рымшныҳәа лыдиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аелита Максим-иԥҳа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса Рымшныҳәа Хәажәкырамза 8.   

Ахаангьы аҳәса ақьиара, агәыкра символра азызуаз, ахәышҭаара амца зыхьчоз ракәны иҟан, убас иҟоуп уажәгьы.  

Ишәзеиӷьасшьоит ааԥынтәи агәалаҟазаара бзиа, ақәҿиарақәеи аизҳазыӷьареи.

Шәҭаацәеи ишәзааигәоу ауааи шәареи шәеигымхааит, шәнапы злашәкуа аусқәа зегьы рҿы ишәыцзааит аманшәалара, шәыгәҭакқәа зегьы нагӡахааит!».  


Read 133 times - Амҽыша, 10 Хәажәкыр 2024 16:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.