АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Хәажәкыр.2024

Лаша Ашәба Аҳәса рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аҳәса рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.                                                                             

«Акыр иаҳзаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа, ҳҩызцәа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымш! 

Арҭ ааԥын мшқәа рзы шәара ишәызку ажәақәа зегьы ҳаҭырла, гәыблыла  ҳшышәзыҟоу атәы рҳәоит. Адунеи ыҟанаҵы иҟоу аҟазшьа ссирқәа – анра, ахамеигӡара, аҟәыӷара, аҭаацәарақәа еилшәарада иаазго аԥхарра – ныҟәызго шәара шәоуп, акыр иаԥсоу ҳанацәа, ҳахәшьцәа. 

Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит баагәараҵас шәахьҳадгылоу азы, иҳашәҭо аԥсҭазаара агәрагаразы. Аԥсны иқәынхо аҳәса, ааԥсара ззымдырӡо, еиуеиԥшым аусхкқәа знапы рылаку, хьӡы-ԥшалагьы иныҟәыргоит анра, аиаҳәшьара, аиҩызара. Шәара шәлагаламҭа маҷӡам иара убас ҳҳәынҭқарра аҿиараҟны, аизҳазыӷьараҟны. 

Абри ааԥын ныҳәамш азы гәыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара бзиа, анасыԥ!


Read 189 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.