АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Хәажәкыр.2024

Аԥсны Ахада Жәларбжьаратәи аҳәса рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 08, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аҳәса Жәларбжьаратәи аҳәса рымш рыдиныҳәалеит.

 

«Акыр иаҳзаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымш.

Шәара шәыла ари аԥсҭазаара даҽа цәа хаак ахалоит, шәара уи арԥшӡара шәылшоит, ҵакыла ихашәырҭәаауеит хылҵла ирбеианы.  Шәара шәыжәҩа иқәу аидара шымариамгьы, аҵахара шәыздырӡом, шәнапы злаку иарбан усзаалак хьӡы-ԥшала инашәыгӡоит, убри аангьы шәгәыкреи, шәгәыбылреи шәшыцыц ишәыцуп. Шәара адунеи еибаркны изку абзиабареи ауаҩ ихӡыӡаареи шәырсимволын ахаангьы.

Аибашьра аамҭа хьанҭақәа раангьы ахацәа шәарӷьажәҩаны шәрыдгыан. Шәара шәыгәаӷьреи шәхамеигӡареи рыла иалыршоу рацәоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым, исуверентәу ҳәынҭқарраны ашьақәгылараҟны.

Абри амш ссир азы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аԥсны аҵеицәа хьӡырҳәагақәа зааӡаз анацәа. Ахә ашьара уадаҩуп урҭ иаадырԥшуа агәамч, аҟәыӷара ду.

Акыр иаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа, аҭыԥҳацәа, насыԥ шәыманы, ишәзааигәоу ауаа рыгәҭаны гәырӷьарыла шәаԥылалааит ари ааԥын ныҳәа есышықәса!

Ишәзеиӷьасшьоит аихьӡарақәа шәнапы злаку аусқәа рыҟны, агәабзиара, ахирра агымзааит шәыҩнаҭақәа! Ҳшәызгәдууп, шәааигәа ҳаҟазар, ҳаидгылазар ҳҭахуп есқьынгьы ихьыԥшым ҳаԥсадгьыл шьахә амаҵураҟны».


Read 228 times - Асабша, 09 Хәажәкыр 2024 17:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.