Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба далархәны аиԥылара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Ҭемыр Ахьиба Аҳәынҭқарра Ахада Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусура алҵшәақәа, иара убас 2023 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада, арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хада идҵала иқәыргылаз аҳасабтәқәа қәҿиарала рынагӡаразы имҩаԥгаз аусуразы адырра ииҭеит.
Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратә шәарҭадареи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчареи, иара убас аусбарҭа аматериал-техникатә база арӷәӷәареи, аԥхьаҟа аусура аиӷьтәреи рызҵаарақәа рзы адырра иҭан.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы иазгәеиҭеит, иҳаҩсыз ашықәс азы ареспубликаҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инақәыршәаны Амаҵзура аусура атәым ҳәынҭқаррақәа рыԥшыхәратәи иҷыдоу аусбарҭақәеи аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа реиҿкаарақәеи егьырҭ рхықәкқәеи рҿагылара, аконституциатә шьақәгылара ашьаҭақәа рыхьчара, аекономикатә ҟазшьа змоу ацәгьоурақәеии акоррупциатә цәырҵрақәеи, адиверсиа-қәыларатә актқәеи, аҭагылазаашьа ҷыдақәеи ралмыршареи разы аусқәа ишрызкыз.
«Ҳара ҳамчқәеи ҳалшарақәеи аоперативтә ҵакы змоу агәҽанҵара алзыршо аинформациа аԥшаара иазкуп. Аоператив-ԥшааратә усурақәа ирыбзоураны ихацыркуп 23 шьауӷатә ус, 18-ҩык атәылауаа ирықәыӡбоуп», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Ахьиба.
Иҳаҩсыз ашықәс азы амаҵзура ҷыдақәа 150 инареиҳаны усмҩаԥгатә мҩаԥыргеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аоператив-еибашьратә, аԥшааратәқәа; ауаа рацәа злахәыз аусмҩаԥгатәқәа реиқәыршәара, арҵара-еибашьратә усмҩаԥгатәқәа, Аԥсны атәылахьчара аминистрреи Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭеи еицымҩаԥыргаз, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара арежим арӷәӷәара иадҳәалаз ауснагӡатәқәа. Иазгәаҭан иара убас архәҭаҷыдақәа иҷыдоу арратә операциа ахьымҩаԥыргоз аҭыԥқәа рахь рцара.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзуреи Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә Маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭеи русеицура иадҳәалаз азҵаатәқәа.
Аҳәынҭқарра Ахада Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы дазхьарԥшны далацәажәеит аоперативтәи аналитикатәи усурақәа рхаҭабзиара ашьҭыхра, аҳәынҭқарратә маӡа ахьчара, иара убас амилаҭтә интересқәеи аԥсуа ҳәынҭқарра ҭышәынтәаланы аҿиареи ралыршара шаҭаху атәы.
Аҳәынҭқарра Ахада хаҭалатәи аилазаара руалафахәы азҵаара шьҭихит. «Аҵыхәтәантәи ԥшьышықәса рыҩныҵҟада Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа рџьаԥса шьҭыхуп 75%, иазырҳауп ԥхьатәара иҟоу аррамҵзурауаа тәанчахәыла реиқәыршәара 47% рыла. Иаахәоуп атехникатә мыруга, аамҭа-аамҭала арҿыцра мҩаԥысуеит автопарк.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа еиқәыршәоуп хаҭалатәи акәылӡ хьчагеи ҳаамҭазтәи ашәҵатәы-еибыҭагақәеи рыла. Имҩаԥысуеит арҽеира-ргыларатә усурақәа Амаҵзура ауадақәа рыҟны», - иҳәеит Ахьиба, зыӡбахә иҳәаз азҵаарақәа рыҟны адҵаҟаҵаҩ хада ириҭо адгылара иҭабуп ахҳәааны.
Аиԥылараҟны акрызҵазкуа хырхарҭаны иазгәаҭан аполитикатә екстремизм, ӷашақә иаҳзыҟоу аҳәынҭқаррақәеи иҷыдоу амаҵзурақәеи афинанс рзаузыжьуа иҳәынҭқарратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа русура аҿагылара.
Аԥхьаҟа хшыҩзышьҭра зҭатәу ауснагӡатәқәа азгәаҭаны, Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура хаҭалатәи аилазаара аусуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Шәҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа профессионалла рынагӡара сазыԥшуп»,- ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.