АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Хәажәкыр.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы аенергетика азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы афымцамч ахархәаразы ашәатәқәа реизгара ашьҭыхра азҵаарақәеи изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы анагӡаратә мчра аусбарҭақәа русуа аефффективра ашьҭыхреи ирылацәажәеит.

Аилатәара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ  Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, атранспорти аенергетикеи рминистр Џьансыхә Нанба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа, Ареспублиатә Афымцатә Станциақәа рнапхгаҩцәа.


Read 266 times - Аԥшьаша, 07 Хәажәкыр 2024 17:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.