АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Хәажәкыр.2024

Хәажәкырамза 17 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа раан Аԥсны иаатуеит 30 алхырҭатә ҭыԥқәа.

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкрамза 17 рзы Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп. Уи рхы аладырхәыр рылшоит Ареспублика Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа, мамзаргьы аамҭала инхо Урыстәыла атәылауаҩра змоу зегьы. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура. Алхратә биуллетень аиура азы Урыстәыла атылауаҩ итәылауаҩшәҟәы (аҩныҵҟатәи, мамзаргьы аҳәаанырцәтәи) имазар ахәҭоуп.

Алхырҭатә ҭыԥқәа аартхоит асааҭ 8:00  инаркны 20:00 рҟынӡа абарҭ аҭыӡҭыԥқәа рыла:

Аҟәа ақалақь

Аҟәа Картозиа имҩа, аҩны № 7, абжьаратәи ашкол №5 (алхырҭатә ҭыԥхада № 8002);

Ешба имҩа, аҩны №164, Аԥсны аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8422);

Ӡиӡариа имҩа №56, Амедицинатә коллеџь ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8424);

Аршба имҩа, аҩны № 56, Аҟәатәи аҳәынҭқаратә коллеџь ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8430);

Лакоба имҩа, аҩны № 111, Амилаҭтә библиотека ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8001);

Аиааира апроспект, аҩны № 33, абжьаратәи ашкол № 10 ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада №8000);

Акьыртаа имҩа, аҩны №32, абжьаратәи ашкол №14 (алхырҭатә ҭыԥхада № 8003). 

Гагра араион

Ақалақь Гагра, Арӡынба имҩа, аҩны №84, акультура Аҩны ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада №8005);

Ақалақь Гагра, Абазгаа рымҩа, аҩны №55/3, Агуманитар-ааглыхратә техникум ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8431);

Цандрыԥшь аҳабла, Ленин имҩа, аҩны № 8, абжьаратәи ашкол №1 ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8004);

Ақалақь Пицунда, ақалақь Ахадара ахыбра  (алхырҭатә ҭыԥхада № 8006);

Бзыԥҭа аҳабла, Ешба имҩа, аҩны № 47а, ақыҭа Ахадара ахыбра (алхратә ҭыԥхада № 8007).

Гәдоуҭа араион

Ақалақь Гәдоуҭа, ԥхынгәымза 23 амҩа, аҩны №2, абжьаратәи ашкол №2 ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8019);

Блабырхәа ақыҭа, ақыҭа Ахадара ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8442);

Бамбора ақыҭа, Абазаа рымҩа, аҩны № 112, абжьаратәи ашкол ахыбра (алхыҭатә ҭыԥхада №8008);

Лыхны ақыҭа, абжьаратәи ашкол ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8397);

Приморское ақыҭа, абжьаратәи ашкол ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8444);

Ақалақь Афон Ҿыц, Ладариа имҩа, аҩны №3, аҿар Рхан ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8405).

Аҟәа араион

Ешыра ақыҭа, Аишьцәа Езыгәбаа рымҩа, 4-тәи  амҩаҿахҵәа, аҩны №2, ақыҭа Ахадара ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8415);

Гәымсҭа ақыҭа, абжьаратәи ашкол ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8445).

Гәылрыԥшь араион

Маҷара ақыҭа, акультура Аҩны ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8447);

Агәыӡера аҳабла, Курчатов имҩа, аҩны № 24, акультуа Аҩны ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада №8419);

Дранда аҳабла, Абжьыуаа рымҩа, абжьаратәи ашкол ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8420).

Очамчыра араион

Очамчыра ақалақь, Ҷанба имҩа, аҩны № 56, ашкол-интернат № 1 ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8434);

Аӡҩыбжьа ақыҭа, абжьаратәи ашкол ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8427);

Кәтол ақыҭа, ақыҭа Ахадара ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8448);

Ҷлоу ақыҭа, акультура Аҩны ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8449);

Акәаскьа ақыҭа, абжьаратәи школ ахыбра    (алхырҭатә ҭыԥхада № 8435).

Ҭҟәарчал  араион

Ақалақь Ҭҟәарчал, Ахақәиҭра апроспект, аҩны №26, акультура Аҩны № 8437).

Гал араион

Ақалақь Гал, Леон имҩа, аҩны 1, акультура Аҩны ахыбра (алхырҭатә ҭыԥхада № 8443). Урыстәылатәи Афедерациа Ахада имаҵураҭыԥ аанкыларазы ашәҟәы иҭагалоу акандидатцәа рзы инарҭбаау аинформациа Урыстәылатәи Афедерациа алхратә Комиссиа Хада асаит аҿы иарбахоит.  

 

     

 

 

 


Read 251 times - Ашәахьа, 18 Хәажәкыр 2024 07:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.