АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Хәажәкыр.2024

Хәаԥ ақыҭан ахатәы ҩны блит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Хәажәкырамза  10 ауха еихагылак змоу ахатәы ҩны блит Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан.

Амцакра шыҟалаз азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә хәҭа ахь иҟалеит 19 сааҭи 57 минуҭи рзы. Амцарцәаҩцәа ражәақәа рыла, амца еимга-еимцарак ала амҽхакра зыхҟьаз ахыбра ахьажәхьази, иара убас уи зегьы амҿымаҭәахә иахьалхызи ауп.  Иҟалаз амцакра иахҟьаны аӡәгьы ааха имоуӡеит.

Иара убри аҽны, хәажәкырамза 10 рзы, Аҟәа ақалақь, Аишьцәа Занҭариаа рымҩала арыцқьаратә  усурақәа рымҩаԥгараан ирыԥшааит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраантәи атакԥжәагатә граната. Аминистрра апиротехика аҟәша аусзуҩцәа аиԥжәар зылшо ари амаҭәар даҽаџьара ииаганы иԥыржәеит.


Read 188 times - Ашәахьа, 11 Хәажәкыр 2024 17:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.