АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Хәажәкыр.2024

Амилициа аусзуҩцәа Гагреи Аҟәеи инхо ҩыџьа ахацәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдырбалеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә усбаҭеи Гагра араион Цандрыԥшь аҳабла амилициа аҟәшеи русзуҩцәа дааныркылеит 1981 шықәсазы ииз Гагра ақалақь аҿы инхо Ҟанҭариа Гаргь Алеқсандр-иԥа. Хаҭала игәаҭараан уи идырбалеит иагьимырхит алаҵаразы хәшәыла – анаркотикатә маҭәашьар «метадон» ала ирхиаз амедицинатә шприц.   Данааныркылоз аамҭазы Гьаргь Ҟанҭариа аиԥш-зеиԥшу анаркотикатә маҭәашьар илаҵаны дыҟан.  

Гьаргь Ҟанҭариа аҭыԥ далҵны дшымцо ала ашәҟәы инапаҵыҩрала доужьҭуп.

Зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьар идырбалеит иара убас Аҟәа ақалақь аҿы инхо, 2003 шықәсазы ииз Ԥшкач Абдалла Хаичам-иԥа.

Имҩаԥгаз ареидтә усмҩаԥгатәқәа рыла автоинспекциа аԥыԥшырҭа «Холодная речка» аҿы  атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә Усбарҭа аусзуҩцәеи Цандрыԥш аҳабла амилициа аҟәша аусзуҩцәеи ахаҵа  дааныркылеит.  

Иаанкылаз Ԥшкач Абдалла Хаичам-иԥа хаҭала игәаҭараан идырбалеит зыкапан дуу иџьбароу анаркотикатә маҭәашьар «мефедрон». Ари зхархәареи зеиҭарсреи рзы азин ыҟам амаҭәашьар иаанкылаз анаҩс аҭира азы хықәкыс иҟамҵаӡакәа ихазы иааихәеит.

Абдалла Пшкач иганахьала ихацыркыз ашьаус аилыргара мҩаԥнагоит Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусеилыргаратә ҟәша.   

Гагра араион аӡбарҭа аусеилыргаҩы игәҩароу ахаҵа иганахьала ахьырхәра аҳасабала аҭакра алхара азы иҟаиҵаз аҳәара иадымгылаӡеит. Ԥшкач Абдалла Хаичам-иԥа аҩнытә баандаҩтәра изалхуп.  

Абри атәы аанацҳауеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.


Read 207 times - Аԥшьаша, 07 Хәажәкыр 2024 15:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.