Аҟәа. Хәажәкырамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра 28 тәылақәа рахь адәныҟахәаахәҭратә операциақәа мҩаԥнагеит.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахьала 2023 шықәсазы еиҳа ахәаахәҭратә партниорра назыгӡо атәылақәа иреиуоуп: Урыстәылатәи Афедерациа, Ҭырқәтәыла, Иапониа, Молдова, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Еиду Арабтәи Емиратқәа, Беларусь, Китаи, Бразилиа, Германиа», - ҳәа Аҳазалхратә Еилакы аколлегиа аилатәара аҿы 2023 шықәсазы аекономикатә блок азы аҳасабырба ҟаҵо иазгәеиҭеит Аԥсны аҳәынҭқаратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.
Уаанӡа еиԥш уажәгьы, ихадоу Аԥсны ахәаахәҭатә патниорны иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа, уи ахәҭаахьала 2023 шықәсазы иақәшәеит 35 млрд. 244,9 млн. мааҭ, даҽакала иуҳәозар, ареспублика адәныҟатәи ахәаахәҭра азеиԥш мҽхакы аҟынтәи - 72%.
Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит Ҭырқәтәыла. Уи ареспублика атауареикәыршара аструктура аҿы ахәҭаа 9,2% рҟынӡа инаӡоит, ахԥатәи аҭыԥ аҿы игылоуп – Ипониа - 4%.