Аҟәа. Хәажәкырамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аексперттә-квалификациатә аттестациатә комиссиа аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, жәабранмза 29 рзы аиустициа Аминистрра аҿы. Аилатәара мҩаԥигеит аиустициа аминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Лагәлаа.
Аттестациа амҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟоуп аиустициа Аминистрра иатәу аӡбаратә експертизақәа рзы Ареспублика анаука-ҭҵааратә Институт аҳәынҭқарратә аӡбаратә експертцәа рзанааҭтә зыҟаҵара аҩаӡара аилкаареи урҭ хазхаҭала аӡбаратә експертизақәа рымҩаԥгаразы азин рыҭареи (ирымоу азин аҽҳәара ацҵареи), ҳәа адырра ҟанаҵоит аиустициа Аминистрра апресс-маҵзура.
Аттестациатә ԥышәара ахысра алҵшәақәа рыла, хҩык аҳәынҭқарратә аӡбаратә експертцәа иааныркыло амаҵураҭыԥ иақәшәоит ҳәа иазхаҵахеит. Урҭ хазхаҭала аӡбаратә експертизақәа рымҩаԥгаразы ирымоу азин аҽҳәара ацҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Ҩыџьа аҳәынҭқарратә аӡбаратә експертцәа аԥышәара изахымсӡеит. Урҭ ирабжьган инацҵаны аҽазыҟаҵареи анаҩс аттестациа аиҭахысреи.