«Аҟәа араион абиуџьет аҟнытә аԥара ззаужьу апроектқәа рынагӡара шԥамҩаԥысуеи?», - ҳәа дазҵааит Аҳәынҭқарра Ахада.
«2023 шықәсазы аҭыԥантәи абиуџьет ала ақыҭамҩақәа акымкәа (30,5 млн мааҭ) иара убас аӡымҩангагақәа рырҽеира алыршан (24,8 млн мааҭ). Ӡыгәҭа ақыҭаҟны административтә хыбрақәеи ашколқәа рхыбреи ирықәхарџьын 5,7 млн мааҭ.
Ҳара иҳалшеит араион аҟны иӷәӷәаны иқәгылаз проблемак аӡбара: Кьалашәыр ақыҭаҟны есышықәса аӡы хыҵны ауааԥсыра ирыҵалон. Аӡыршьҭра рыцқьаны акыр иҳарҭбааит аҟнытә аринахыс аԥхасҭа рнамҭо аҟаҵара ҳалшеит. Шьҭа уи ахылаԥшра аҭахуп, ианаамҭоу ирыцқьалатәуп. Арҭ аусурақәа ирықәхарџьуп 4,6 млн мааҭ. Арҽеиратә усурақәа мҩаԥгоуп Гәмысҭа ақыҭаҿы аспортзал аҟны (6,7 млн мааҭ), иара убас ашьапылампылтә шҭа хаҳкааит (2,7 млн мааҭ)», - абри азы адырра ииҭеит Ахада Алхас Ҷыҭанаа.
Аԥсны Ахада ицхыраагӡатә фонд аҟнытә Алхас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, араион иазоужьын 1,6 млн мааҭ Ешыра ақыҭаҿы ашкол ахыб аԥсахразы (924,3 нызқь мааҭ), аԥсабаратә рыцҳара ирнаҭаз аԥхасҭа аԥыхразы араион ауааԥсыра ҩыџьа аматериалтә цхыраара рыҭан (326 нызқь мааҭ).
Аҳасабырбатә аамҭа аҩныҵҟала араион ахада ицхыраагӡатә фонд ала еиуеиԥшым апроблемақәа рыӡбаразы аматериалтә цхыраара рыҭан 114 –ҩык ауааԥсыра (5,4 млн мааҭ) .
Аҳәынҭқарра Ахада араион анапхгаҩы ареспубликатә мҩа ду хылаԥшра шаҭатәу иаҳә, иазгәеиҭеит: «Шәнапы иану араион аҟны ареспубликатә мҩа ду ишахәҭоу иҟазарц шәахылаԥшлароуп: аконтеинерқәа гылазароуп, амҩатә хҵара еилыкка иарбазароуп. Амҩақәа рыцқьара шәахылаԥшла», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
«Ишәҳәа акультуреи аспорти рганахьала аҿар рааӡара иазкны имҩаԥгоу аусмҩаԥгатәқәа» , - дазҵааит Аҳәынҭқарра Ахада.
Араион ахада еиҳа ҵакы змаз аусмҩаԥгатәқәа рыбжьара иазгәеиҭеит 1993 шықәса хәажәкырамза 15-16 рызтәи алахьеиқәратә рыцхә иазкыз, аибашьра аветеранцәа злахәыз, жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа аветеранцәа-амедиаҳәшьцәа алархәны имҩаԥысыз, Каман ахақәиҭтәра амш уҳәа убас егьырҭгьы.
Аҳәынҭқарра Ахада дазҵааит иара убас Аҟәа араион аҟны ақыҭанхамҩа аҭагылазаашьа.
Алхас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аминистрра аганахьала 9,8 млн мааҭ рыхә 13 проект ирықәшаҳаҭны ирыдкылоуп. «Араион аҟны бжьаратәла ауалафахәы зеиԥшроу? Иагханы ироулоума ауалафахәқәа, ацхыраагӡақәа?», - дҵааит Аҳәынҭқарра Ахада.
«Ауалафахәқәа агырханы, шамахамзар, иҟалаӡом, иагхазаргьы, аамҭалоуп, урҭгьы атехникатә ҵаҵӷәқәа рымоуп. Бжьаратәла ауалафахәы аганхьала – аҳәынҭқарратә сектор аҟны - 30 нызқь мааҭ, хазхаҭалатәи аилахәырақәа рыҟны - 27 нызқь мааҭ рҟынӡа ыҟоуп», - аҭак ҟаиҵеит Алхас Ҷыҭанаа.
Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа араион анапхгаҩы адҵа ииҭеит аҵара аминистрра ашколқәа аспорттә шҭақәа рыла реиқәыршәаразы ареспубликатә программа анагӡара аҽалархәразы. «Аҵара аминистрра шәадгыланы иаҭаху адокументқәа зегьы азшәырхиа. Хаҭала ари азҵаара хылаԥшра ашәҭа», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Анаҩс Аҟәа араион Администрациа ахада далацәажәеит 2024 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа ртәы. Иара убас иҳәеит атәыла анапхгара рганахьала ацхыраара аныҟала, апроектқәа зегьы қәҿиарала ишынагӡахо.
Аслан Бжьаниа Аҟәа араион анапхгаҩы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, 2024 шықәсазы иусураҿы алҵшәа бзиақәа дышрықәгәыӷуа азгәаҭаны.