
pressadmin-2
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа р-Координациатә хеилак аилатәара далахәын.
Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа р-Координациатә хеилак аилатәара далахәын.
Акоординациатә хеилак аилатәара иалахәын иара убас Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза - министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Аԥарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, аиҳабыра алахәылацәа, адепутатцәа.
Акоординациатә еилацәажәара иалатәан азинхьчаратә усбарҭақәа, аӡбаратә еидгылара рнапхгаҩцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа хаҭалатәи реилазаара.
Апрокурор хада Адгәыр Агрба иқәгылараҿы дырзааҭгылеит азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа 2020-2024 шықәсқәа раантәи русура алҵшәақәа.
Апрокурор хада далацәажәеит аусеилыргаратә усбарҭақәа ршьаус-процессуалтә усура алҵшәақәеи аоперативтә ҟәшеиҵақәа акоррупциатә хырхарҭа змоу ацәгьоурақәа рцәыргареи, ргәырҽынҵареи, раарԥшреи рзы аоператив-ԥшааратә усура анагӡашьеи ртәы.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ацәгьоурақәа реиҵахаразы иҟоу атенденциа азгәаҭаны атәылаҟны иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы иҳәеит.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи азинхьчаратә усбарҭақәеи русеицура атәы далацәажәеит АШӘА ахантәаҩы Дмитри Қәычбериа. Уи иажәақәа рыла АШӘА атәым ҳәынҭқаррақәа иҷыдоу рмаҵзурақәа, атерроризм, изакәанам анаркотикқәа реикәыршара, еиҿкаау ацәгьоура, аекономикатә хырхарҭа змоу ацәгьоурақәа уҳәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара иаԥырхагоу иаҿагыланы ақәԥара иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иажәахә аҟны иазгәеиҭеит иҳаҩсыз ашықәсқәа аԥсабаратәи атехногентәи ҟазшьа змоу арыцҳарақәа шырацәаз, ари максималла ауаатәҩсатә лшарақәеи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иҷыдоу атехникеи рхархәара шаҭаххаз.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа иҟаиҵаз аҳасабырбаҟны инаҵшьны иазгәеиҭеит ари аусбарҭа аусура хадаратәла аҳазалхратә хылаԥшра, адәныҟаекономикатә усура иалахәу рзы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара, аҳаза ианаамҭоу ихарҭәааны алхра ишазкыз.
«Иарбоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара, сара сгәаанагарала, Аԥсны адәныҟаекономикатә усура хра злоу анырра анаҭоит. Иазгәасҭарц сҭахуп, аҵыхәтәантәи 5 шықәса рыла адәныҟатә хәаахәҭра амҽхак ҩынтә ишазҳаз», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аиҳабы Рамин Габлаиа иҳәеит 2020 шықәса, ажьырныҳәамза инаркны иахьа уажәраанӡа ари аусбарҭа аусурала Аԥсны амиграциатә закәанԥҵара еилазгаз атәымтәылауаа ирызку аӡбарҭақәа рахь идәықәҵоу 917 административтә материал шыҟоу. Рамин Габлаиа ашықәс аихшьалақәа рыла иазԥхьагәаҭоу арбагақәа 150 млн. мааҭ рыла еиҳаны абиуџьет ишалагалахо атәы иҳәеит.
Акоординациатә еилацәажәара аихшьалақәа ҟаҵо, Аҳәынҭқарра Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа русура бзиоуп ҳәа ахә ишьеит.
«Арбагақәа есааира аиӷьхара иаҿуп. Аҟәшақәа зегьы русурақәа ахаҭабзиара аҽаԥсахит. Ари убаратәы иҟоуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Владимир Делба: 2020 – 2023 шш. рыҩныҵҟа Аԥсны абиуџьет ахатәы хашәалақәа 4,8 млрд. рҟынтәи 9,8 млрд. мааҭ рҟынӡа еиҳахеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба Аҳәынҭқарра Ахада иинформациатә Центр аҿы дықәгыло 2020 – 2023шш. рзы аҳәынҭқарратә биуџьет арбага хадақәа, абиуџьет ахь ашәахтәтәии аҳазалхратәи алагалақәа ртәы еиҭеиҳәеит.
«Аҳәынҭқарратә биуџьет ахь алагалақәа рацлара адинамика шыҟоу умбар залшаӡом. 2020-2023 шықәсқәа рыҩнуҵҟа Аԥсны абиуџьет ахатәы хашәалақәа ҩынтәны еиҳахеит — 4,8 миллиард рҟынтәи 9,8 миллиард рҟынӡа иҳәеит афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Лаша Ашәба Алан Маргиев Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент Ахантәаҩы Алан Маргиев Ареспублика амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Алан Ҭаимураз-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Шәаргьы Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент адепутатцәагьы ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа – Ареспублика амш!
1990 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аԥҵара рылазҳәаз адекларациа адкылара шәтәыла аҭоурых аҟны акырӡа зҵазкуа ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит, абри инаркны ихацыркхеит уи ашьақәгылареи аҿиареи.
Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика ажәлар ахьыԥшымра аагара рылшеит акыр ауадаҩрақәа ириааины. Ареспублика ауааԥсыра раԥхьа иҟаз абиԥарақәа реихьӡарақәа реихаҳара рылшеит ибеиоу рҭоурыхи ркультуреи рықәныҟәарала. Иҳаҩсыз ашықәс азы иҟаҵоу рацәоуп аекономика, асоциалтә усхк, аҳәынҭқарра аинфраструктура, ашәарҭадара арӷәӷәаразы.
Едуард Быҭәба аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аахыҵ Уаԥстәылаҟа аусуратә ҭаара аихшьаалақәа рзы адырра ииҭеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аахыҵ Уаԥстәылаҟа аусуратә ҭаара аихшьаалақәеи жәларбжьаратәи аконференциа «Агәабзиарахьчара аҿиара аԥышәатә аспектқәа» алахәхареи рзы адырра ииҭеит.
Аминистр Цхьынвал ақалақь аҿы имҩаԥысыз амедицинатә конференциа даара акыр зҵазкуа усмҩаԥгатәуп ҳәа дахцәажәеит.
Аслан Бжьаниа Калмыкиа Ареспублика Ахада имаҵура ахагылара иазку аусмҩаԥгатә аҟны адныҳәалара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Калмыкиа Ареспублика Ахада имаҵура ахагылара иазку аусмҩаԥгатә аҟны адныҳәалара ҟаҵаны дықәгылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
«Ҳаҭыр зқәу Бату Сергеи-иԥа!
Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Калмыкиа Ареспублика Ахада имаҵура ахагылара.
Цәыббрамза 8 рзы имҩаԥысыз абжьыҭара аихшьалақәа иаҳдырбеит Калмыкиа ауааԥсыра арегион асоциал-економикатә ҿиараҟны шәлагаламҭа ахә ҳаракны ишыршьо. Алхрақәа рыҟны ижәгаз аиааира ареспублика иқәынхо ауааԥсыра шәусура иарҭо адгылара, Калмыкиа аринахысгьы аизҳазыӷьаразы имҩаԥыжәго аусура агәра шырго атәы аҳәоит.
Аслан Бжьаниа: Наҟ-ааҟ арбитражтә ӡбарҭақәа рыӡбамҭақәа разхаҵара азы Аиқәшаҳаҭра аекономика аҿиара азы иҿыцу алшарақәа аанарԥшуеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Наҟ-ааҟ аекономикатә усқәа рзы арбитражтә ӡбарҭақәа рыӡбамҭақәа разхаҵареи рынагӡареи рзы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра Аԥсны аекономика аҿиареи аинвестициақәа ралагалареи рзы иҿыцу алшарақәа аанарԥшуеит, ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра инарҭбаау аинтервиу аҭо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа Калмыкиа даҭааит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Калмыкиа даҭааит аҩбатәи аҿҳәаразы иалху Ареспублика ахада Бату Хасиков имаҵура иахагылара иазку аусмҩаԥгатә аҽалархәразы
Аҳаирбаӷәазаҟны уи диԥылеит Калмыкиа Ареспублика аиҳабыра Ахантәаҩы Гилиана Босхомџьиева, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа: урыстәылатәи аинвестициақәа Аԥсны аекономика аҿиара иацхраауеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны урыстәылатәи аинвестиақәа, урыстәылатәи акапитал, урыстәылатәи афактор аҟазаара – аекономика аҿиара иахьацхраауа адагьы, уи зегьы ареспублика ашәарҭадаразы иназыцҵоу факторны иҟоуп, ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра инарҭбаау аинтервиу аҭо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Иара иазгәеиҭеит, иахьа ареспублика аҿы интенсивла аргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа.
«Аиҳарак, иарбоу аусурақәа рҟынтәи 90% уаанӡа иаԥҵаз аԥсны-урыстәылатәи анаплакқәа рыла инагӡахоит. Еилаху анаплақәа аус руеит, Урыстәылантәи аинвестициақәа аларгалоит, убас ала еиуеиԥшым аобиектқәа дыргылоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, аинвесторцәа рбизнес азы ишәарҭадоу аҭагылазаашьақәа ахьаԥҵоу атәылақәа рҿы ринвестициақәа алагалара иазхиоуп.
Аслан Бжьаниа иара убас Аԥсны ианымԥшыр зымуа имариам жәларбжьаратәи аҭагылазаашьагьы дазааҭгылеит.
«Ԥыхьатәи Асовет Еидгыла аҵакыраҿы уаҳа иҟаларц ахәҭои, ҳара даара имариам аҭагылазаашьақәа рҿы ҳшыҟоу, аҭынчра даара ишыуашәшәыроу, адунеи ашәарҭара ишҭагылоу еилаҳкаарц азы? Дарбан Аԥсны атәыауаа, ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа иреиуоу Украина анапхгара Қырҭтәыла аоппозициатә мчрақәа рахь иҟоу анапхгара ахҳәареи аҩбатәи афронт аартреи рзы ааԥхьара шыҟанаҵо атәы ззымдыруа. Иҳамоума ҳара ас еиԥш иҟоу ауаа? Иззымдыруада, иахьа аибашьратә хҭысқәа шьҭа Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыра аҿы ишымҩаԥысуа атәы? Изгәаламшәода Қырҭтәылеи Аԥсни ҳабжьара амч ахархәара мап ацәкра азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра иахьа-уажәраанӡа ишымҩаԥгам атәы? Иззымдыруада Қырҭтәыла аԥснытәи атерриториақәа рырхынҳәра азы аҽазышәарақәа шыҟанаҵо, аринахысгьы ишыҟанаҵало атәы?» – ҳәа азҵаарақәа ықәиргылеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аслан Бжьаниа Алан Гаглоев Ареспублика Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев ихьӡала Ареспублика Амш азгәаҭара инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы дәықәиҵеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы аахыҵуаԥстәылатәи ажәлар зегьи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Амшныҳәа! – Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар егьа уадаҩра рхыргазаргьы изныз ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рымҩа иацәхьамҵеит ҳәа. –Акырӡа зҵазкуа ари амш иаҳәоит шәыжәлар асуверенитети ахьыԥшымреи рахь инагаз амҩаҟны иаадырԥшыз агәамчи агәаӷьреи ртәы.
Аслан Бжьаниа: Урыстәылеи Аԥсни рҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы акризистә ҭагылазаашьа ҳәа акгьы ыҟаӡам, ҟалашьагьы амаӡам.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылеи Аԥсни рҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы акризисистә ҭагылазаашьа ҳәа акгьы ыҟаӡам, ҟалашьагьы амаӡам, ҳәа Аԥснытәи ателехәаԥшра аинтервиу аҭо иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
«Аурыс ҳәынҭқарра имч ҳҳы иархәаны, игәыбылра ҳхы иархәаны иҵегь ҳаӷәӷәахароуп, абри атәы иҳәеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа цәгьахеит ҳәа иҟоу ацәажәарақәа ахҳәаа рыҭо.
«Урыстәылеи Аԥсни рҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы акризистә ҭагылазаашьа ҳәа акгьы ыҟаӡам, ҟалашьагьы амаӡам. Иҟоуп аганқәа рхахьы иргаз аҭакԥхықәрақәа, урҭ ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирыдҳәалоуп. Ухахьы иугаз аҭакԥхықәра нагӡатәуп. Убри аан иаҳхамышҭуазароуп иарбоу аԥхықәрақәа ҳтәылауаа ринтересқәа ишрықәшәо. Уаҳа акагьы», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
«Ҳамҩа ҳақәсны ҳцароуп, ахықәкы иҳамоу – ҳҳәынҭқарра арӷәӷәароуп. Аҳәынҭқарра аҩны иаҩызоуп, аҩны змам ауаҩы иразҟы бааԥсуп, ахгарҭеи аҭаацәеи имаӡам. Ҳаҩны ӷәӷәазароуп, иахьатәи ҳҭагылазаашьа шыҟоу ала, уи азы амчи аҩыза бзиеи дҳамазароуп», — ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.