pressadmin-2
ГАРИК САНГӘЫЛИА АԤСНЫ АҬОУРЫХ-КЫЛЬТУРАТӘ ҬЫНХА АХЬЧАРАЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УСБАРҬА АНАПХГАҨЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гарик Сангәылиа Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара азы аҳәынҭқарратә усбарҭа анаԥхгаҩыс иҟаҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
ЛАША АШӘБЕИ МИХАИЛ ШУРГАЛИНИ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ ИРЫБЖЬОУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА АХЫСРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини реиԥылара.
Аиԥылара иалахәын Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан, азинтә зҵаарақәа рзы Аиҳабы иабжьгаҩ хада Денис Киут, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу УА Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов.
ИНАЛ АРӠЫНБА ГАРРИ КӘПАЛБА АԤСНЫ ИҞОУ ПРИДНЕСТРОВТӘИ-МОЛДАВТӘИ АРЕСПУБЛИКА АОФИЦИАЛТӘ ХАҬАРНАКРА АԤҴАРА 16-ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИНАМАДАНЫ ДИДНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Приднестровтәи-Молдавтәи Ареспублика Аофициалтә Хаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба Ахаҭарнакра аԥҵара 16- шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Шәара ҳаҭыр дула сшышәзыҟо ҩаԥхьа ишьақәырӷәӷәо гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны иҟоу Приднестровтәи-Молдавтәи Ареспублика Аофициалтә Хаҭарнакра аартра 16-шықәса ахыҵра.
Уи аартра аҳәынҭқаррабжьаратәи аԥсуа-приднестровтәи аизыҟазаашьақәа рҭоурых аҿы акыр зҵазкуа хҭысны иҟалеит.
АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА 19 РЗЫ АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 19 рзы имҩаԥысраны иҟоу аминистрцәа Реилазаара аилатәара амшхәаԥштә иалагалоуп асоциалтә ҵакы змоу азҵаарақәа 9.
Анапхгара 2023 шықәсазы ахықәкытә напхгаратә программақәа шьақәнарӷәӷәараны иҟоуп:
«Атылауаа Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа еиԥш уи анҭыҵгьы рыхәышәтәра аиҿкаара».
«Аԥсны аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа рзы ахәшәқәеи амедицинатә маҭәахәқәеи амаругақәеи еизакны раахәара».
«Аҷаҷа чымазара змоу рзы Аԥсны ахарҭәааратә терапиа аҿиареи аиҿкаара аиӷьтәреи».
«1992–1993 шш. Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рмедицинатә реабилитациа».
«Аԥсны ауааԥсыра атуберкулиоз чымазара рацәыхьчара иазку аусура аиӷьтәра».
АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА 18 ИНАРКНЫ ЕГРЫТӘИ АӠФЫМЦА СТАНЦИА АҞЫНТӘИ ИААУА АФЫМЦАМЧ АЛА АИҚӘЫРШӘАРА АԤКРАҚӘА РАЛАГАЛАРА АГРАФИК ҾЫЦ АУСУРА ИАЛАГОИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 18 асааҭ 00:00 инаркны Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аҟынтәи иаауа афымцамч ала аиқәыршәара аԥкрақәа ралагалара аграфик ҿыц аусура иалагоит.
«Ареспубликатә унитарнтә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» иҟанаҵо адыррақәа рыла, афымцамч аҭара аԥкра аамҭа уахынла ҩ-сааҭк аҟынтәи х-сааҭк рҟынӡа иацлоит. Уи зыхҟьо аӡеизакырҭа ахь аӡы алалара 30 куб. м/с рҟынтәи 27 куб. м/с. рҟынӡа иахьагхо ауп.
Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иаауа афымцамч аҭара аганахьала ажьырныҳәамза 12, 2023 шықәса инаркны иалагалаз аԥкра ԥсахрада иаанхоит.
НХАРҬАЛА АИҚӘЫРШӘАРА АЗҴААРА ИАЗКЫН ИАХЬА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСЫЗ АМИТИНГ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәеи зматериалтә ҭшагылазаашьа уадаҩу аҭаацәеи, иара убас Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәеи нхарҭаҭыԥла реиқәыршәара азҵаара иазкын иахьа Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра Ашҭаҿы имҩаԥысыз амитинг. Амитинг иалахәыз шықәсыла ари апроблема ӡбашьа шамоуз азгәарҭон.
Амитинг аҿы зегьы реиҳа зҭагылазаашьа уадаҩу рзы Аҳабла ҿыц аҿы иҟоу аҩнеихагылақәа руак еиҭашьақәыргыланы рыҭара, иара убас анхарҭаҭыԥ аахәара азы аҳәынҭқарра аганахьала афинанстә цхыраара азоужьра алыршара азы ажәалагалақәагьы ҟаҵан.
ИНАЛ АРӠЫНБА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ ЕИҲАБЫРАТӘЫМ АИҾКААРАҚӘА РХАҬАРНАКЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2022. Аԥсныпресс. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны аҵакыраҿы зусура мҩаԥызго Жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи аиԥылара мҩаԥыргеит.
Жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа 2022 шықәсазтәи русуразы аҳасабырбақәа ҟарҵеит, ԥхьаҟатәи рыпланқәа ирылацәажәеит.
Уи адагьы ирзааҭгылан ҩ-ганктәи аинырра еиуеиԥшым акцентқәа.
ШӘАЧА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АБОКС АЗЫ УРЫСТӘЫЛА ЕИЗГОУ АКОМАНДА АЗЫҞАҴАҨ ЕИҲАБАЦӘЕИ АԤСНЫ АЗЫҞАҴАҨЦӘЕИ РЕИԤЫЛАРА.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 16 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысит абокс азы аиҵбацәа рыбжьара Николаи Павлови Виктор Волкови Сергеи Рыжикови абокс азы Аԥсны еизгоу акоманда атренер хада Аслан Ахбеи Гагра ақалақь ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ адиректор Едгар Қриеи амеценат Роман Цимцбеи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.
НИКОЛАС МАДУРО ВЕНЕСУЕЛА АМИЛАҬТӘ АССАМБЛЕИА АҾЫ ЕСЫШЫҚӘСАТӘИ АҲАСАБЫРБА ҞАИҴЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 12 рзы Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Амилаҭтә Ассамблеиа аилатәара ихы алаирхәит. Араҟа Атәыла Ахада Николас Мадуро Морос есышықәатәи аҳасабырба адгалара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит адепутатцәа, атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, агубернаторцәа, Венесуела иҟоу адипломатиатә корпус аусзуҩцәа.
ГӘЫЛРЫԤШЬ АРАИОН АҾЫ АԤСЫТӘБАРА ЗЦУ АМҨАТӘ МАШӘЫР ХҬЫС ҞАЛЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абжьыуатәи амҩаду 126-тәи акилометр аҿы иааихеит автомашьынақәа ҩба «Lexus», «Honda Fit». Амашәыртә хҭыс шыҟалаз азы адырра Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь иҟалеит 15 сааҭи 51 минуҭи рзы.





