АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Мшаҧы.2024

Амцарцәаҩцәа мшаԥымза 30 рзы Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра аҟны иҟалаз амцакра дырцәеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа ашьжьымҭан Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра аҩныҵҟа, аҩбатәи аихагыла аҿы амцакра ҟалеит, ӷәӷәала  алҩагьы ҩначит.

Иҟалаз ахҭыс азы Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра аҷаԥшьаратә хәҭа ахь адырра ҟалеит 9 сааҭи 50 минуҭи рзы.  

«Уажәазы алҩа шцогьы хара имгакәа амца зынӡа идырцәоит», — ҳәа иҳәеит Аҟәеи Аҟәа араиони рыхьчаразы амцарцәара-аиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.

Аҳҭнықалақь амцарцәара-еиқәырхаратә отриадқәа амца арцәара рылшеит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Иахьа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт ыҟоуп, ақәра ду змоу, уажәы ареставрациа зҭахны иҟоу, иаҳхысыз ашәышықәса алагамҭаз, 1912 шықәсазы архитектор Андреи Модрах амодерн астиль ала иргылаз аҭоурыхтә хыбраҿы.

Аханатә ари ахан аҭуџьар Христофор Самуриди итәын. Асовет аамҭақәа рзы араҟа иҟан Нестор Лакоба напхгара зиҭоз Аԥсны анагӡаратә комитет Хада.

 


Read 482 times - Ахаша, 01 Лаҵара 2024 14:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.