АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Мшаҧы.2024

87-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит аҭоурыхтә наукақәа рдоктор Мери Ҳашба.

Аҟәа. Мшаԥымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху  агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут  анапхгараҭареи аколлективи гәалсра дула адырра ҟарҵоит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ нага, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа акорреспондент-алахәыла Мери Мушьни-иԥҳа Ҳашба лыԥсҭазаара дшалҵыз. 

Мери Мушьни-иԥҳа Ҳашба диит мшаԥымза  5, 1937 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы.

1961 шықәсазы далгеит Қарҭтәи  Аҳәынҭқарратә консерваториа амузыка аҭоурых азанааҭ ала.  

1972 шықәсазы «Аԥсуаа рџьатә шәақәа» («Трудовые песни абхазов») атема  ала акандидаттә диссертациа лыхьчеит.

1974 шықәса инаркны акыр шықәса инеиԥынкыланы Д. И. Гулиа ихьӡ зху  аҭоурых, абызшәа, алитература аҭҵаара Аинститут (уажәы Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут) аҿы аус луан.   

1991 шықәсазы Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу Миклухо-Маклаи ихьӡ зху аетнологиеи антропологиеи Москватәи  Аинститут аҿы «Народная музыка абхазов и ее кавказские параллели» атемала  амузыка-етнографиатә материалқәа рыла адоктортә диссертациа лыхьчеит.

Мери Ҳашба Асовет Еидгыла акомпозиторцәа Реидгылара алахәыла (1971ш.), Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-акорреспондент (2008 ш.), Д.И.Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аетнологиа аҟәша анаукатә усзуҩ нага.

Мери Ҳашба аԥсуаа рмузыкатә фольклори рмузыкатә культура аҭоурхи рзы амонографиақәа хԥеи 60 инареиҳаны анаукатә статиақәеи дравторуп.  

Мери Мушьни-иԥҳа лырҵаҩра-ҭҵаарадырратә усура азкын амузыкатә фольклор, амузыкаҭҵаара аҭоурых, аԥсуаа рмузыкатә культура аҭоурых аҭҵаара.

Мери Ҳашба Асоветеидгылатәи жәларбжьаратәи аконференциақәа жәпакы дрылахәын. Лара 1967 шықәсазы Ленинград ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Асовет Еидгыла акомпозиторцәа Рыпленум, 1979 шықәсазы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуаз VI Асоветеидгылазегьтәи   акомпозиторцәа Реизара Ду, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуаз антропологиатәи аетнографиатәи рыҭҵаарақәа рзы Асоветеидгылазегьтәи анаукатә  сессиа, Ереван ақалақь аҿы имҩаԥысуаз амонодиатә музыка Жәларбжьаратәи аконференциа, «Амилаҭтә культура ҳаамҭазтәи адунеи аҿы– афольклор, алитература» («Национальная культура в современном мире – фольклор, литература») атема ала Аҟәа ақалақь аҿы,  2003 шықәазы имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа, Аҟәа ақалақь аҿы 2006 шықәсазы имҩаԥысуаз «Кавкази аглобализациа ааԥхьарақәеи» («Кавказ и вызовы глобализации») атема ала имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи аконференциа,    Аҟәа ақалақь аҿы 2007 шықәсазы имҩаԥысуаз I Жәларбжьаратәи Инал-Иԥа ирҿиамҭақәа рыла аԥхьарақәа, 2008 шықәсазы Маиҟәаԥ ақалақь аҿы «Адыгатәии азеиԥштәии афилологиа иадҳәалоу актуалра злоу апроблемақәа» («Актуальные проблемы общей и адыгской филологии») атема ала имҩаԥысуаз VI Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа, уҳәа  русура далахәын.

«Мери Мушьни-иԥҳа Ҳашба лыҟамзаара – ицәыӡ дууп аԥсуа аҭҵаарадырреи ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аколлективи рзы. Гәалсра дула ҳрыдшшылоит лыуацәеи лколлегацәеи. Мери Мушьни-иԥҳа лгәалашәара лаша наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит», - ҳәа иаҳәоит адышшылараҿы.

 

 

 

 

 


Read 483 times - Ахаша, 01 Лаҵара 2024 13:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.