АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Мшаҧы.2024

Џьансыхә Нанба аенергетика аҿы иҟоу апроблемақәа рзы: афымца ахархәаразы ахәԥса ашәара, афымцамҩангагақәа, иҿыцу афымцамч ахыҵхырҭақәа рыԥшаара.

Аҟәа. Мшаԥымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминстр Џьансыхә Нанба Аԥснытәи ателердиоеилахәара аҿы апресс-конференциа мҩаԥигеит.

Аминистр еизаз иргәалаиршәеит, ԥхынҷәынмза 29, 2023 шықәса рзы ишаԥҵаз Аԥсны аенергетикеи атранспорти Рминистрра.  

«Уи аҩыза аӡбамҭа злашьаҭаркыз, аенергетикеи атранспорти русхкқәа ҳҳәынҭқарра азы астратегиатә усхкқәаны иахьыҟоу ауп. Ҳара зегьы еилаҳкаауеит иарбоу аусхкқәа рҿы иҟоу апроблемақәа ртәы», - ҳәа иҳәеит иара.

Аминистрра ахықәкы хадақәа – аенергетикеи атранспорти рухкқәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аилкаара, иарбоу аусхкқәа рыҿиара аконцепциақәеи апрограммақәеи реиқәыршәара.  

Аминистрра аусдырра аҵаҟа иҟоуп ареспубликатә унитартә наплакқәа ааба,  «Амшынеиқәафымцамч», «Аԥснытәи аихамҩа», Аԥснытәи амшынӷбаныҟәара», уҳәа уахь иналаҵаны.

Аенергетика аҿы ишьақәгылаз иуадаҩу аҭагылазаашьа алҵразы иҟаҵатәу далацәажәо, Џьансыхә Нанба, аԥхьанатә инагӡатәны иҟоу –иара аусхкы ахаҭа аусура иахәҭоу аҩаӡараҿы аиҿкаара ауп ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Хымԥада ишьақәыргылатәуп афымцамч ахархәара аҳасаббара, даара зымҽхак дуу атехнкатә цәыӡқәа реиҵатәра. Урҭ, иҟоу адыррақәа рыла, 23% рҟынӡа инаӡоит. Ҳара ҳаԥхьаҟатәи аусура ашьақәыргылашьас иаҳҭо еилаҳкаарц азы иҳамоу алшарақәа еилаҳкаауазар ахәҭоуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Аминистр, 2024 шықәсазы ишьақәыргылаз атариф афымцамч ала аиқәыршәара асистема изаамҭанытәиу аныҟәгара азы ицәырҵуа ахарџьқәа рхарҭәааразы ихымҵадатәиу ахашәалахәы азԥхьагәанаҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.  Уахь иаҵанакуеит афымцамч акоммерциатә аашьҭразы ахәԥсагьы.

Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, Егрытәи Аӡфымцатә Станциа акомплекс ареспублика аҿы рхы иадырхәо афымцамч амҽхак зегьы азоужьра алшаӡом.

Ишьақәгылаз акризистә ҭагылазаашьа алҵра азы крызҵазкуа факторны иҟоуп ауааԥсыра афымцамч ахархәара ҭакԥхықәрала иазнеиуа аҟалара ауп.  

«2023-тәи ашықәс аихшьаалақәа рыла, ахархәара амҽхак  300 миллионов кВт/с. рҟынӡа аиҵатәра алыршахеит. Ари имаҷым рбагоуп, уи даҽазныкгьы иарҵабыргуеит ҳара инымыцху ахарџьқәа шҳамоу», – ҳәа иҳәеит аминистр.

Аминистр иара убас афымцамч ахархәара аиҵатәра атарифқәа рышьҭыхра ахәҭакахьала иадҳәалахеит ҳәа иазгәеиҭеит. Ауаа рхы иадырхәо афымцамч азы аԥара ашәара шрықәшәо,  ахархәара аҳасаббара шцо еилыркаауеит, убри аҟнытә урҭ еиҳа еиҷаҳаны афымцамч ахархәара рҽазыршәоит.

Аминистр иара убас атәыла зегьы иахьаҵанакуа  27 нызықь афымцахархәараԥхьаӡагатә приборқәа шьақәыгылоуп, абонентцәа рхыԥхьаӡара  90 нызықьҩык рҟынӡа инаӡоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара иарбоу аусура хымԥада иацаҳҵароуп. Априборқәа рышьақәыргылара афинанстә дисциплина аиӷьтәра азы зегьы реиҳа аеффективра злоу инструментны иҟалеит.  Иахьа аибашьрашьҭахьтәи аамҭа зегьы иалагӡаны зҭагылазаашьа митәык иҽеим фымцала аиқәыршәара асистема ҳазхьаԥшны зхаҭабзиара ҳаракым афымцамч ахархәаразы аԥара ҳамшәо ҳалагар, усҟан иҳамоугьы ҳцәыӡуеит», - ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.  

Иара афымцамч ахархәаразы ашәатәқәа реизагара астатистика ааигеит. Хазхаҭалатәи ахаҿқәа рҟынтәи ашәатәқәа реизгара  2024 шықәса актәи аԥшьбара азы 14% рҟынӡа ауп иахьынаӡаз.

«Ҳауаажәлар рҟынтәи 14% мацара роума иахьа рхы иадырхәаз афымцамч азы ахәԥса ашәара зылшоны иҟоу? Сара сгәаанагарала, ара даҽа проблемақәоуп иҟоу», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Звольҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара» аҭагылазаашьеи Бедиа ақыҭан иҟалаз аҩны абылреи рзы азҵаара аҭак ҟаҵо, аминистр, амцакра, афымцацәаҳәа «Аҽгәара»  мыцхәы ақәыӷәӷәара зауз афымцамҩангага аҭакнаҳахареи уи анаҩс  ииашамкәа ишьақәыргылаз, аха ианаамҭаз иқәгамыз ажәытә шьаҟа иахьадкьыслази ицәырҵыз афымцатә еиҵаҵа ааигәа игылаз аҩны иахьаахази ирыхҟьаны иҟалеит ҳәа иҳәеит.  «Ааха зауз аҭаацәа, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵа ала роуз азарал нагӡаны ихарҭәаахеит. Урҭ Аҟәа ақалақь аҿы аҩны рзаахәахеит. Дара рыҩны ҿыц ргәаԥхеит, анхара иалагахьеит», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Аенергетикеи атранспорти рминистр иарбоу аусхкы аҿы зегьы реиҳа иуадаҩны иҟоу аԥаратә хархәагақәа рзымхара  ауп ҳәа иазгәеиҭеит.

Аминистр иажәақәа рыла, звольҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара» шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара аҭахны иҟан.

«Иарбоу ареконструкциа ахь иаҵанакуан иҟоу ашьаҟақәа рҭагылазаашьа аҭҵаара, апроект аиқәыршәара, иахәҭоу експертизақәа рахысра, ахарџьынҵатә документациақәа реиқәыршәара, уҳәа убас иҵегьы. Шәара зегьы ибзианы ишәдыруеит, усҟан аусурақәа анымҩаԥысуаз иҟаз аҭагылазаашьақәа ртәы. Сара  сызлацәажәоз аҽазыҟаҵаратә умҩаԥгатәқәа даара ахәԥса рацәахон, уи аҟара аԥаратә хархәагақәа усҟан иҳамамызт. Урыстәыла атехникатә Хылаԥшра Аусбарҭа ахаҭарнакцәагьы,  усҟан иҳамаз аҭагылазаашьеи имаҷыз аҽҳәарақәеи афинанстә лшарақәеи ҳасаб азуны уахәаԥшуазар ииашоу аӡбамҭа рыдыркылеит ҳәа инаҵшьны иазгәарҭоит», –  ҳәа иҳәеит аминистр.

Аӡынтәи аамҭахәҭазы, афымцамҩангагақәа рықәыӷәӷәара акыр ианазҳауа, афымцацәаҳәа  аушьҭратә лшара анормативтә рбагақәа ианахыслак ауадаҩрақәа цәырҵуеит.

«Ҳара еилаҳкаауеит иҟоу аҭагылазаашьа аҿы даҽа фымцамҩангагатә цәаҳәа аргылара шаҭаху. Даҽакала иуҳәозар, ҳара иарбоу ахырхарҭала ҩ-проблемак ҳамоуп:  раԥхьаӡа иргыланы – агенерациа азымхара ауп. Аха ҳара еилаҳкаауазар ахәҭоуп, агенерациа апроблема ҳаӡбаргьы, уи иаанааго афымцамч ахархәаҩ иҟынӡа изланеиуа афымцацәаҳәақәагьы реиҭашьақәыргылара шаҭаххо. Ишдыру еиԥш урҭ рҭагылазаашьа, ус иуҳәар ауазар, еиҳа еиӷьзар ауан», –  ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Егрытәи Аӡфымцатә станциа иаанашьҭуа афымцамч азымхара ахьыҟоу инамаданы, зноминалтә мчхара 40 мВт рҟынӡа инаӡо аӡхыҽҽатә Аӡфымцатә Станциақәа №2, №3 , №4  реиҭашьақәыгылара апроблема цәырҵуеит.

«Иарбоу аӡхыҽҽатә Аӡфымцатә Станциақәа реиҭашьақәыгылареи рреконструкциеи азы ажәалагалақәак ҳауит. Ҳара урҭ аус рыдулара ҳаҿуп.  Аҵыхәтәан ҳара аҳәынҭқарра азы еиҳара феида злоу апроект аҿы ҳаангылоит. Ари азҵаара аӡбарала агенерациа амҽхак 350 млн. рҟынтәи  400 млн кВт/с. рҟынӡа ашьҭыхра алыршахоит. Уи, аиашазы адефицит аамҭазы ҳҭаххрақәа зегьы ханарҭәааӡом, аха уеизгьы ҳҭагылазаашьа акыр еиҳа иармариоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Џьансыхә Нанба.

Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, иҿыцу Аӡфымцатә Станциақәа рыргылара алацәажәара макьана заацәоуп. Убри  аан агаз ала афымцамч аазышьҭуа аобиект маҷқәа раԥҵара азҵаара активла аус адулара мҩаԥысуеит.

Иара убас иазааҭгылеит амаининг аҿагылара азҵаарагьы.

«2023 шықәсазы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иԥшааны ирымырхит  акриптовалиута арҳара иазку 3 000 аппарат, сынтәа ирымхуп 640 инареиҳаны аппаратқәа, ари аусура иацҵахоит», - ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Иара иҟаиҵаз адыррақәа рыла, амаининг фермақәа змоу иахьатәи амш азы рхы иадырхәо афымцамч 40 мегаватт иреиҵаӡам.  

«Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит афермақәа змоу иахьатәи амш азы рхы иадырхәо афымцамч амҽхак иҳаҩсыз ашықәсқәа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар ишеиҵахаз. Аха уеизгьы иҟоу ахархәарагьы алыршатәӡам», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

 

 

 

 


Read 491 times - Ахаша, 01 Лаҵара 2024 11:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.