АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Мшаҧы.2024

Аԥсны иазгәарҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аԥҵара 15-шықәса ахыҵра.

Аҟәа. Мшаԥымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Р. Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аԥҵара 15-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аиубилеи рыдырныҳәаларц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, атәыла Анапхгара алахәылацәа.

Мшаԥымза 30, 2009 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа  Дмитри Медведеви  Сергеи  Багаԥшьи «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара азы аусмҩаԥгатәқәа реицынагӡара азы» Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа раԥхьатәи анапхгаҩы, аинрал-маиор Иури Зварики инапхгарала ҳреспублика ахь иааит, урҭ абар шьҭа 15 шықәса раахыс аԥснытәи аҳәаахьчаҩцәа ирыцны хьыӡла-ԥшала ҳреспублика аҳәаақәа рыҟны аррамаҵзура иахысуеит.

Аныҳәатә еизара аҿы дықәгыло, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит:

«Урыстәылатәи аҳәаахьчаратә архәҭақәа Аԥсны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи реиқәыршәара аус аҿы ихадоу ароль нарыгӡоит, Қырҭтәылеи уи адгылаҩцәеи рганахьала иҟоу аҭычра аилагара азы аҽазышәарақәа рыԥхьырҟәҟәаара алдыршоит.   Аԥсны жәлар зыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыло ҳҳәаақәа рыхьчараҿы игылоу урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа гәымшәақәа  рџьабаа даара ҳаҭыр рзақәуп.  Аԥсны Анапхгара ахә ҳаркны иашьоит аҭышәынтәалареи аҭынчреи ралыршараҟны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа инанагӡо ароль», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аиҳабы, аинрал-маиор Андреи Кудимов иахьатәи амш Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа зегьы рзы зегьы реиҳа ихадоу аныҳәақәа иреиуоуп ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Ԥхынгәымза 15, 2009 шықәсазы Аҳәаахьчаратә Усбарҭа Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара иалагеит. Руалԥшьа анагӡараан аҳәаахьчаҩцәа еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирықәшәон. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи аҭаԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәеи аус рыцурала, аҟәшеиҵақәа зегьы рҿы аҳәаахьчаҩцәа рмаҵзура ишахәҭоу анагӡаразы ихымԥадатәииз аҭагылазаашьақәа зегьы раԥҵара алыршахеит. Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, араионқәа рхадацәа рыбзоурала ҳара ҳхыдҵақәа рынагӡаразы акыр иманшәалоу аҭагылазаашьақәа ҳзаԥҵоуп. Аобиектқәа зегьы рыҟны иҿыцу административтә хыбрақәа ргылоуп, аҳәаа аҵакыра ҳаамҭа иақәшәо ахархәагақәеи атехникеи рыла еибыҭоуп, аусзуҩцәа рҭаацәа рнырхаразы анхарҭаҩнқәа ргылоуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Андреи Кудимов Аԥсны анапхгара, ареспублика аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа аҳәаа ахьчара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәа рнырхареи рзы иҟаҵоу ауснагӡатәқәа рзы иҭабуп ҳәа иҳәеит.  

«Ари амш аҽны, 15 шықәса раԥхьа, Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара азы аусмҩаԥгатәқәа реицынагӡара азы» Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.  Иара убри ала Урыстәыла Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара ахахьы иагеит. Иуҳәар алшоит, убасҟан Аԥсны ашәарҭадара ауасхыр шьҭаҵан ҳәа.  Ас еиԥш ахыдҵа анагӡара азы аҭакԥхықәра адҵан Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа.  15 шықәса раахыс урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ареспублика аҳәаақәа рыхьчара азы арратә маҵзура иахысуеит, урҭ рахьынтә ҩыџьа руалԥшьа анагӡараан иҭахеит».

Сколлегацәа-адипломатцәа  рыхьӡала шәҭаацәеи шәареи аусеицуразы иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп», - ҳәа иҳәеит Аԥсны иҟоу Уыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба  АШәА Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭеи русеицуреи ареспублика аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы еицымҩаԥырго ауснагӡатәқәеи ртәы инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

«Иҳараку азанааҭдырра, афырхаҵара, агәымшәара, хьаҳә-хьачарада рҿаԥхьа иқәыргылоу адҵақәа рынагӡара, абарҭ аҟазшьақәа рыла ианакузаалакгьы иалукаауеит Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәа.   

 Уи дырҵабыргуеит аҳәаахьчаратә архәҭақәа рҭакԥхықәра иаҵанакуа аҵакырақәа рҿы имҩаԥгаз еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рылҵшәақәа. Изныкымкәа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Урыстәыла Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи  аоператив-арратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуан, аха иазгәаҭатәуп урҭ рымҩаԥгараан ахатәы еилазаара аҿы ацәыӡқәагьы шыҟаз. Иҭахаз ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит», – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Ахьиба.

Аҳәынҭқарреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аколлективи рыхьӡала Ҭемыр Ахьиба урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, анаҩстәи рырратә маҵзура аҿы аманшәалареи аихьӡарақәеи.

Аҳәаахьчаҩцәа дрыдныҳәалеит иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа абжьгаҩ, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура аофициалтә хаҭарнак  Алеқсандр Соболь. Уи урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәеи аԥснытәи рколлегацәеи конструктивла еиҿкаау русеицура азгәеиҭеит.

Алеқсандр Соболь аколлективтә Мраҭашәара аҿагылара иадҳәалоу имариам аамҭа азы аҳәаахьчаҩцәа даҽа аамҭак еиԥшымкәа агәҽанызаареи аҽазҟаҵара бзиеи аадырԥшлароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Иара агәра ганы иазгәеиҭеит Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәа егьа уадаҩра ыҟазаргьы, рҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа аринахысгьы рынагӡара шрылшо.

Алеқсандр Соболь аҳәаахьчаҩцәа рхыдҵақәа рынагӡараҿы аманшәалареи ашықәснҵыра дууи анасыԥи рзеиӷьаишьеит.

Аусмҩаԥгатә аофициалтә хәҭа ашьҭахь аԥсуа естрада артистцәа алархәны аныҳәатә концерт мҩаԥысит.

 

 

 

 

 

 


Read 517 times - Аҩаша, 30 Мшаҧы 2024 20:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.