31-января-2023

РУСҬАМ МИННИХАНОВ ҬАҬАРСҬАНИ АԤСНИ РЫБЖЬАРА АТАУАРЕИКӘЫРШАРА АЗЫ: «МАКЬАНАЗЫ УИ АМҼХАК МИТӘЫК ИДУУМЗАРГЬЫ, ХРА ЗЛОУ АДИНАМИКА ЫҞОУП».

Аҟәа.  Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Ҭаҭарҭан Ахада Русҭам Минниханов Ареспублика Ҭаҭарсҭан анапхгара Аҩны аҿы Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган дылԥылеит. Аганқәа атуризм аусхкы аҿы атауарқәа реикәыршареи аусеицура аҿиареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит асаит БИЗНЕС Online.

Аԥснытәи аделегациа Казань инеит иацы, ажьырныҳәамза 30 рзы. Уи ахаҭарнакцәа Ареспублика Ҭаҭарсҭан аекономика Аминистрра аҿы аиԥыларақәа мҩаԥыргеит, иара убас аинвестициатә ҿиара азы Агентра иаҭааит. Араҟа урҭ идырбан Ҭаҭарсҭан аинвестициатә проектқәа, ҳәа иарбоуп ареспублика Ахада ипресс-маҵзура иҟанаҵо аинформациатә материалқәа рҿы.

Иахьа Русҭам Минниханов Кристина Озган дылԥыло Ҭаҭарсҭан аидарамҩангагатә машьынақәа «КАМАЗ», иара убас агьежьхрԥақәа, амашьынаргыларатә аалыҵ, ахимиеи анефтаалыҵқәеи амедицинатәи афармацевттәи атауарқәа Аԥсныҟа раашьҭра, иара убас атерриториалтә ҿиареи ҳаамҭазтәи ақалақьтә инфраструктура аԥҵареи аинвестициақәа радыԥхьалареи, уҳәа аусхкқәа рганахьала аԥышәаеимадара ишазхиоу азгәеиҭеит.

«Ҭаҭарсҭани Аԥсни рыбжьара иҟоу аизыҟазаашьақәа аҭоурых ду рымоуп. Нанҳәамза, 1994 шықәса рзы ҳреспубликақәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥган.  Аԥснытәи аделегациақәа лассы-лассы ҳреспублика аҿы имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит. Ҭаҭарсҭани Аԥсни рыбжьара атауареикәыршара амҽхак макьаназы митәык идуумзаргьы, хра злоу адинамика ыҟоуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада.

Иара убри аамҭазы Русҭан Минниханов атуризми асанатор-курорттә хырхарҭеи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаараҿы хадара злоу ароль назыгӡо усхкқәанқы иаликааит.  

Русҭам Минниханов Урыстәыла Аԥсны ихьыԥшым исуверентәу ҳәынҭқарраны иазханаҵеит ҳәа еизаз иргәаларшәо аҩ-ҳәынҭқаррак аусеицуреи астратегиатә партниорреи рзы аиқәшаҳаҭра рыбжьоуп, азинтә шьаҭа арӷәӷәара иазкны аусура мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуеит, аекономика, агуманитартә усхкы, уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит.  Ахәҭакахьала, ахәаахәҭра-економикатә усеицура азы аԥсны-урыстәылатәи анапхгарабжьаратәи акомиссиа аус ауеит. Уаҟа Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала ацхантәаҩыс дыҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза ихаҭыԥуаҩ Марат Хуснуллин ҳәа иазгәеиҭеит Русҭам Минниханов.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Ареспублика Ҭаҭарсҭан аекономика аминистр Мидхат Шагиахметов, Ареспублика Ҭаҭарсҭан ааглыхреи ахәаахәҭреи рминистр Олег Коробченко, Казань ақалақь ахада Ильсур Метшин, уҳәа убас егьырҭгьы.

Аԥснытәи аделегациа аусуратә ҭаара апрограма иалагалоуп Иаарту Акционертә Еилазаара «КАМАЗ» аҭаара, Иҷыдоу Аекономикатә Зона «Алабуга» аусура аилкаара, ақалақь Иннополис, атехнополис «Химград» рҭаара, уҳәа убас иҵегьы. 

Аԥсны аделегациа Ҭаҭарсҭан аҭаара жәабран 3 рзы ихыркәшахоит.


Прочитано 708 раз
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.