Афинансқәа рминистра адыррақәа рыла, абиуџьеттә хархәагақәа рыла агәабзиарахьчара асистема хәшәылеи ихымԥадатәиу аиқәыршәагақәеи рыла аиқәыршәара иақәхарџьхеит 98,7 млн. мааҭ.
Урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рҿы аҵара зҵо 153-ҩык аԥснытәи астудентцәа рҵара ахәԥса ашәара иақәхарџьхеит 28,6 млн. мааҭ. Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада Ирезервтә Фонд аҟынтәи 85 млн. мааҭ 39 обиект аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азы иазоужьхеит.
Ҳазҭоу ашықәс азы аԥсабаратә цәырҵрақәа рыхҟьаԥҟьақәа рықәгара азы иазоужьхеит 225 млн. мааҭ, атәылауаа ироуз азарал ахарҭәаара азы 145 млн. мааҭгьы уахь иналаҵаны. Иара убас 80 млн. мааҭ азоужьхеит ааха зауз ахыбрақәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара.
Владимир Делба уажәы Аминистрра Очамчыра араион аҿы 2022 шықәса рзы иҟалаз аԥсабаратә цәырҵра рыхҟьаԥҟьақәа рықәгара азы 11 млн. мааҭ азоужьра иазхиоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит. (аҳәынҭқарратә цхыраара зауа рхыԥхьаӡара 116-ҩык рҟынӡа инаӡоит).
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр иҟаиҵаз адыррақәа рыла иахьатәи амш азы аԥсабаратә цәырҵра бааԥсқәа раан ааха зауз 18 анхарҭа ҩнқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит, уи иақәхарџьхоит 30 млн. мааҭ инареиҳаны. Аҟәа ақалақь, Аҟәа араиони Гәылрыԥшь араиони рҿы иҟоу аҵараиурҭақәа 6 рҿы имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирықәхарџьуп 15,6 млн. мааҭ. Иара убас иахьатәи амш азы зыхәԥса 217 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо 73 асоциал-культуратә зкызаара змоу аобиектқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. Афинансқәа Рминистрра Ҷлоу ақыҭан иҟоу акультура Аҩны ахыбра аиҭашьақәыргылара азы иазоунажьраны иҟоуп 9 млн. мааҭ, Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ иҟоу ацҳақәа реиҭашьақәыргылара азы - 8,5 млн. мааҭ, Очамчыра араион Лабра ақыҭан иҟоу ацҳақәа рзы - 5,8 млн. мааҭ. Ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны имҩаԥгахоит Очамчыра араион Кәтоли Џьгьардеи ақыҭақәа рҿы иҟоу аӡиасқәа рӡышьҭрақәа ррыцқьара азы иазоужьхоит 15,6 млн. мааҭ, иара убас Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭа аҿы – на 5,3 млн.мааҭ.
Владимир Делба хыхь иарбаз аусмҩаԥгатәқәа зегьы рфинанстәра ареспубликатә биуџьет ахатәы хархәагақәа рыла имҩаԥысуеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб афинансқәа Рминистрра имҩаԥысуа аусурақәа зегьы рфинанстәра ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа амҩаԥгара азы анапынҵа ҟаиҵеит.