15-ноября-2022

АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА АМЕДИЦИНАТӘ УСБАРҬА АУСЗУҨЦӘА ИРЛАСУ АМЕДИЦИНАТӘ ЦХЫРААРА АҬАРА АЗЫ РДЫРРАҚӘА РԤЫШӘАРА МҨАԤЫРГЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амедицинатә Усбарҭа аусзуҩцәа ирласу амедицинатә цхыраара аҭара азы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара ашьҭыхра иазку аҽазыҟаҵарақәеи ҳаамҭазтәи амединатә техника ахархәаразы ирымоу аԥышәа агәаҭареи мҩаԥыргеит. Азыҟаҵарақәа рахь адыԥхьалара роуит амедицинатә Усбарҭа хаҭалатәи аилазаара зегьы, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра араионтә ҟәшеиҵақәагьы уахь иналаҵаны, ҳәа иаанацҳауеит Ахылаԥшырҭа аофициалтә саит.

Ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны амедицинатә Усбарҭа аусзуҩцәа ацхыраара рырҭеит 140-ҩык инареиҳаны ҳҳәынҭқарра атәылауааи уи иаҭааз асасцәеи,  15-нтә амҩатә машәырқәа ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь инеит,   15-ҩык ачымазцәа Аԥсны анҭыҵ иҟоу ахәышәәырҭақәа рахь ргара алдыршеит.


Прочитано 957 раз Последнее изменение 17.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.