16-ноября-2022

АКЛАССИКА, АЏЬАЗ, АМАСТЕР-КЛАССҚӘА: АҞӘА ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП «УРЫСТӘЫЛЕИ АԤСНИ РЕИМАДАРАТӘ КУЛЬТУРАТӘ УСМҨАԤГАТӘҚӘА».

Аҟәа. Абҵарамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апроект «Урыстәылеи Аԥсни реимадаратә акультуратә усмҩаԥгатәқәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны, абҵарамза  17 рзы,  С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы,  имҩаԥгахоит урыстәылазегьтәии жәларбжьаратәии аконкурсқәа рлауреат Дмитри Маслеев имастер-класс.  Еицырдыруа апианист уи мҩаԥигоит А. Чичба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа астудентцәеи  амузыкатә школқәа рҵаҩцәеи рзы, ҳәа адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра апрес-маҵзура.

Абҵарамза 18, асааҭ 19:00 рзы, Р. Д. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысуеит  Дмитри Маслеев исолотә концерт,араҟа иарҳәахоит Л. Бетховен, П.И. Чаиковски, С.В. Рахманинов рырҿиамҭақәа.

Абҵарамза 19, асааҭ  19:00 рзы, Р.Д. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысуеит Георги Гараниаин напхгара зиҭо Аџьаз-оркестр аконцерт, араҟа инагӡахоит аџьазтә стандартқәа, иара уба асовет аамҭазы еицырдыруаз акомпозиторцәа:  Т. Хренников, Н. Богословски, А. Бабаджаниан, В. Соловиов-Седои, М. Блантер, Г. Гладков, уҳәа рырҿиамҭақәа.  

Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.

Апроект Урыстәылеи Аԥсни реимадаратә культуратә усмҩаԥгатәқәа» Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи акультура аусхкы ала ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рыҿиареи  иазырхоуп.   Аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара адгылара арҭоит Урыстәылеи Аԥсни ркультура Аминистррақәа.

Аиҿкааҩ – УРЫСКОНЦЕРТ (РОСКОНЦЕРТ).


Прочитано 1762 раз Последнее изменение 16.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.