Аҟәа. Абҵарамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 19 рзы, Бзыԥтәи аҽырҩырҭа аҿы аҽыбӷаҟазаратә спорт азы Аԥсны Ачемпионат мҩаԥысуеит.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа – Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә спорт Афедерациеи..
Аицлабрақәа рымш апрограмма иалагалоуп Асовет Еидгыла аспорт азҟазацәа Оҭар Ҷанба, Авксенти Ҭарба, Алеқсеи Лакрба, иара убас жәларбжьаратәи акласс змоу аспорт азҟаза Харлам Симониа раԥхьахәқәа ргара азы 1 400, 1 600, иара убас 2 000 метра рҟынӡа аҽырыҩратә еиԥхныҩлара.
Аҽырыҩратә еиԥхныҩларақәа рнаҩс, аҽыбӷаҟазацәа, Аԥсны аспорт азҟаза Мераб Гочуа игәалашәаразы аԥхьахә агаразы имҩаԥгахо аҽытә шьапылампыл, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Иури Ҭарба игәалашәара иазку аԥхьахә агаразы аҵәыршәра, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Шьулиа Лакба игәалашәара иазку аԥхьахә агаразы аҽырхәмарра, уҳәа аҽыбӷаҟазара-спорттә еиндаҭларақәа рҿы рҟазара аадырԥшуеит.
Аицлабрақәа ирылагоит асааҭ 11:00 рзы.