16-ноября-2022

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АҬОУРЫХТӘ ЕИЛАЗААРА РАԤХЬАТӘИ АҲӘААНЫРЦӘТӘИ АҞӘША АԤСНЫ ИААДЫРТУЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара (УАЕ) Аԥсны раԥхьатәи аҳәаанырцәтәи аҟәшаа аартра азԥхьагәанаҭоит. Абри азы аҩаша, абҵарамза 15 рзы ТАСС ахь адырра ҟаиҵеит УАЕ анапхгараҭара ахантәаҩы, Афонд «Аԥсадгьыл аҭоурых» анагӡаратә директор   Константин Могилевски.

«Сгәы иаанагоит, ҳара Урыстәылатәи аҭоурыхтә Еилазаара аҟәша Аԥсны аартра аганахьала ҳусура лыҵшәа бзиала ихыркәшахоит ҳәа. Уи азы заанаҵтәи аилацәажәарақәа мҩаԥысхьеит. Аԥснытәи ҳколлегацәа рҟынтәи аофициалла ааԥхьара ҳазыԥшуп», - ҳәа астол гьежь «Урыстәылатәи Амшынеиқәаҿықә аҭоурых: Урыстәылатәи Афедерациа иҿыцу асубиектқәеи аиҩызаратә ҳәынҭқаррақәеи иаку аҭоурыхтә ҵакыра аҿиара иадҳәалоу апроцесс ралагалара» аҿы дықәгыло  иҳәеит Константин Могилевски.

Астол гьежь алахәыла – Аԥсны акультура аминистр иабжьгаҩ Милана Бжьаниа ТАСС ахь иҟалҵаз адыррақәа рыла, зыӡбахә ыҟоу УАЕ раԥхьаӡатәи аҳәаанырцәтәи аҟәша Аԥсны аартра, уи аусура аԥсуа ҵарауаа ҿарацәа радыԥхьалара ауп аиҳарак изызкхо. 

«Сгәы иаанагоит ҳара ҳаԥхьаҟа зымҽхак ҭбаау аусура ҳзыԥшуп, избан акәзар, Аԥсни Урыстәылеи еимаздо ирзеиԥшны ирымоу аҭоурых-культуратә ҭынха ду ауп.  Иақәнаго аусшәҟәқәа (УАЕ аҳәаанырцәтәи аҟәша аԥҵара азы) Аԥсныҟа ҳаныхынҳәлак еиԥшҵәҟьа еиқәҳаршәароуп, хара имгакәа ари акыр аҵак ду змоу, хра злоу апроект аусура иалагароуп. Адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи имҩаԥысуа ахҭысқәеи инарымаданы, аҭоурых афальсификациа анымҩаԥысуа, ҳара хымԥада ҳамчи-ҳалшареи еилаҵаны урыстәылатәи аҵарауааи аҭоурыхҭҵааҩцәеи аус рыцура шьақәҳаргылароуп»,- ҳәа илҳәеит Милана Бжьаниа.  

Аԥсны акультура аминистр иабжьгаҩ лажәақәа рыла, УАЕ аҳәаанырцәтәи аҟәша аартра ашьҭахь, ареспублика аҿы аҭоурыхтә рккарааларҵәара иазку аусура алагоит, аԥснытәи астудентцәа рзанааҭдырра аҩаӡара ашьҭыхразы Урыстәылатәи Афедерациаҟа,   ахәҭакахьала,  Аҭоурых-архивтә Институт, Аҳәынҭқарратә архив ахь идәықәҵалахоит.

Милана Бжьания 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аан  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә архив хықәкыла, гәҭакыла ишырыблыз азгәалҭеит. Уажәы иқәгаз афондқәа реиҭашьақәыргылареи Урыстәыла афедаралтә архивқәа рҿы аматериалқәа рыԥшаареи ирызку аусура мҩаԥысуеит».

«Акыр ирацәаны аматериалқәа ҳара иҳаԥшаароуп, ацифрантә дыррақәа рныҟәгақәа ирнаҳҵароуп, анаҩс урҭ Аԥсны аҳәынҭқарратә Архив ахь идәықәаҳҵароуп. Иарпбоу аусура аамҭа кьаҿ иалагӡаны алагара азԥхьагәаҭоуп», -ҳәа илҳәеит лара.

УАЕ аԥҵан рашәарамза 20, 2012 шықәса рзы, уи Урыстәылатәи аимпериа аҿы 1866-1917 шықәсқәа рзы иҟаз аурыс Императортә ҭоурыхтә еилазаара аҭоурых аҭҵаара мҩаԥнагоит. Аилазаара аԥҵараан уи ахықәкы хаданы иҟан амилаҭтә ҭоурыхтә арккарааларҵәара.


Прочитано 1125 раз Последнее изменение 16.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.