10-ноября-2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АТӘЫЛА АУААԤСЫРА РҾАԤХЬА АҲАСАБЫРБА АҞАҴАРАЗЫ ИРИҬАЗ АЖӘА НАИГӠЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа атәыла ауажәларра рҿаԥхьа ҩы-шықәсеи бжаки рыла, атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз  аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.

«Алхрақәа раламҭалаз сара исҳәахьан Аҳәынҭқарра Ахадас салырхны иҟалозар, усҟан сусура аҽҳәара аҽеиҩшамҭаз исыдгыло акомандеи сареи инаҳагӡаз аусура азы аҳасабырба шыҟасҵо.  Сара иахьа уи сажәа насыгӡоит», – ҳәа аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы еизаз ауаажәларра рхаҭарнакцәа рахь ихы рханы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Зегьы раԥхьаӡа иргыланы, Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала дазааҭгылеит ауааԥсыра акыр агәҭынчымра рызцәырызго афымцамч ала аиқәыршәра аганахьала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа.

«Аштатнҭыҵтәи афымцамч аҿыхрақәа ҳтәылауаа акыр иаргәамҵуеит. Зегьы ирдыруазар ҟалап звольҳараку афымцамҩангагатә цәаҳәа «Аҽгәара» аҿы ишьақәгылаз авариатә ҭагылазаашьа атәы. Ас еиԥш аиԥҟьарақәа рырҽеира азы иахәҭоу амаҭәахә аахәан, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара аамҭа иалагӡаны Урыстәылантәи афымцамч аашьҭра азы аиқәшаҳаҭрақәа бжьаҵан, аиҭашьақәыргылара-еиқәыршәатә усурақәа хацыркын, урҭ зегьы аграфик аԥысрала имҩаԥысуан. Аха, ҳара иҳадҳәалам амзызқәа ирхырҟьаны, афымцамч аашьҭра аанкылахеит ишьақәыргылаз аҽҳәара 15-мшы шыбжьаз. Рыцҳарс иҟалаз, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инагӡаны рхыркәшара залмыршахеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Уажәы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара азы аграфик ҿыц ашьақәыргылара мҩаԥысуеит. Иарбоу аусурақәа рхыркәшара аамҭа кьаҿ иалагӡаны иазԥхьагәаҭоуп.

«Аамҭалатәи афымцамч арцәарақәа зымҩаԥгахо аспециалистцәа афымцамч аашьҭра ҟалаанӡа ихымԥадатәиу усурақәа рынагӡара рылдыршарц азы ауп», – ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада. Уи иара убас ауааԥсыра аамҭала ишьақәгылаз ауадаҩрақәа еилкаарала иазнеиларц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.

Аслан Бжьаниа акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аҿагылара азы инагӡаз ауснагӡатәқәа ҷыдала дазааҭгылеит.

«Ари акризис аиааира азы ҳамчқәа зегьы еизакны ахархәара аҭан. Сара иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ауаажәлар ргәабзиареи рыԥсҭазаареи ахьчара азы аус зуаз – ҳҳақьымцәа, аволонтиорцәа,  анаплакыҩцәа, аусдкылҩцәа, абзиаҟаҵаҩцәа, уҳәа Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш згәы иҵхоз зегьы. Ҳара иҳалшеит ари даара ишәарҭоу, аха убри аан иумбо аӷа иҿагылара», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа инарымаданы ҷыдла ахшыҩзышьҭара аҭахоит атәылахьчаралшареи амобилизациатә зыҟаҵара азҵаареи.

Апандемиа иадҳәаланы имаҷымкәа ауадаҩрақәа шыҟазгьы, 2021 шықәсазы, аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы раԥхьаӡа акәны аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахашәалахәқәа рыла арбагақәа инацҵаны анагӡара алыршахеит.

«Ҳара сынтәагьы ари хра злоу атенденциа иацҵахоит ҳәа аҳәаразы алшара ҳамоуп»,- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

700 миллион мааҭ инарзынаԥшуа 8,5-ҩык рзы  хықәкылатәи ацхыраара аҭарахьы идәықәҵахеит.

Еиуеиԥшым аԥсҭазааратә уадаҩрақәа рыӡбараҿы ацхыраара роуит 7 нызықьҩык. Зықьҩык рҟынӡа хырԥашьа змам ахәышәтәразы аԥаратә хархәагақәа роуит. 450 –ҩык аҿар аҳәынҭқарра ирзоунажьыз аԥаратә хархәагақәа рыла Аԥсны анҭыҵ аҵаразы алшара роуит.

Аҳәынҭқарра Ахада ихадоу зҵаараны иаликааит ауаажәларратә зинлеишәа, ауааԥсыреи ҳреспублика иаҭаауа асасцәеи ршәарҭадара аиҿкаара.

«Ари ахықәкы анагӡаразы раԥхьаӡа иргыланы аус иаҵанакуа амаҵзурақәа рматериал-техникатә еиқәыршәара еиҿкаазароуп. Ҳазлацәажәо аамҭа иалагӡаны атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа зегьы ҳаамҭа иақәшәо атехникеи аиқәыршәагақәеи рыла еибыҭан, уи иабзоураны ацәгьоурақәа рҿагылара иазку аусура акыр аиӷьтәра  алыршахеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Аинвестициатә ҭагылазаашьа дазааҭгыло, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит: «Гәахәара дула иазгәоумҭар залшом аҳәаанырцәтәи аинвесторцәа Аԥсны еиҳа-еиҳа  иазхьаԥшуа ишалагаз. Ҳара амшынтә баӷәазақәа ҩба ҳамоуп, атранзинтә лшарақәагььы ҳамоуп, иахьа ҳара ҳҳаиртә баӷәаза аусура алагара азҵаара акыр аус адулара ҳаҿуп, иахьазы уи апроектҟаҵаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥысхьеит,  аҽазыҟаҵаратә усурақәа иралагахьеит. Сара сгәаанагарала, иарбоу аҽҳәарақәа ирылагӡаны аҳаирбаӷәаза аусура иалагоит».

Аслан Бжьаниа ишьаҭарку акритика азыӡырҩреи аоппозициагьы уахь иналаҵаны, ауаажәларра алархәны ареспублика азы акыр зҵазкуа азҵаарақәа рылацәажәареи урҭ рыӡбаразы амҩақәа рыԥшаареи дшазхиоу иҳәеит.

«Сара Аԥсны жәлар зегьы рҿаԥхьа аҭоуба шьҭасҵеит, уи анагӡарагьы саҿуп»,- ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.


Прочитано 1642 раз Последнее изменение 13.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.