АСПЕКТ

18.11.22

АПАРЛАМЕНТ VI ААԤХЬАРА 12-ҨЫК АДЕПУТАТЦӘА АЕКСПЕРТТӘ ФОНД «ААМҬА» АԤЫРҴЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Апарламент VI ааԥхьара (2017 – 2022шш.)  12-ҩык адепутатцәа аексперттә фонд «Аамҭа» аԥырҵеит. Уи напхгара алҭоит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ԥыхьатәи ахантәаҩы Натали Смыр. Абри азы абҵарамза 17 рзы Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рассоциациа (АРСМИРА) аҿы имҩасыз апресс-конференциа аҿы  адырра ҟалҵеит Натали Смыр.

«Уажәы иаԥҵоу аексперттә Фонд «Аамҭа» (ЭФА)  иалоуп Апарламент VI ааԥхьара  12-ҩык  адепутатцәа. Урҭ реилазаараҿы иҟоуп Апарламент ԥыхьатәи Аиҳабы Валери Кәарҷиа, иара убас быжьҩык апарламенттә Еилакқәа ԥыхьатәи ахантәаҩцәа.

Ҳара ҳгәаанагарала, хәы-шықәса рыла азакәанԥҵара анагӡара иазку азакәанԥҵаратә усура аҿы иҳауз аԥышәа ахархәара ҳҭакԥхықәраны иҳаԥхьаӡоит», - ҳәа илҳәеит Натали Смыр. 

Аексперттә фонд аусура азинтә шьаҭа ала еиҿкаахоит. Уи анагӡаратә мчра аструктурақәа русура акритика азура мацара аҿы иаанкылахаӡом, акризистә ҭагылазаашьақәа ралҵра азы амҩақәа рыԥшаара, ареспублика аԥсҭзаара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рыла астол гьежьқәа рымҩаԥгара, Аԥсны анҭыҵтәигьы уахь иналаҵаны, аекспертцәа рааԥхьара.

Аексперттә фонд аилазаара иалоуп: Валери Агрба, Алмасхан Арӡынба, Дмитри Арӡынба, Илиа Гәыниа, Алхас Џьынџьолиа, Валери Кәарҷиа, Гиви Кәарҷиа, Гарри Кокаиа, Беслан Смыр, Натали Смыр,  Асҭамур Ҭарба, Алеқсандр Цишба.

РГУ "АПСНЫМЕДИА" Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" © 2023 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info. При полной или частичной перепечатке текстовых материалов в интернете гиперссылка на www.apsnypress.info обязательна.