Возвращение имени

Items filtered by date: Аҩаша, 13 Лаҵара 2025

Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Арежиссиор Ибрагим Ҷкадуа идокументалтә фильм аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы.

Афильм аҭыхраҿы адгылара ҟанаҵеит Ареспублика Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Афонд.

Арежиссиор Ибрагим Ҷкадуа, афильм азы атема алхра имариамыз хыдҵаны иҟалеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Сара сгәы иҭаскит еицырдыруаз аҵарауаҩ Владислав Арӡынба иаалырҟьаны аполитикаҿы ицәырҵра аамҭахәҭа сыхшыҩ азысышьҭырц. Аҭагылазаашьақәа убас ишаьақәгылеит, иара иналукааша политик дуны дҟалеит, анаҩс Аҳәынҭқарра Ахадас, адҵаҟаҵаҩ хадас», – ҳәа иҳәеит Ибрагим  Ҷкадуа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада аинспекциатә хықәкы иманы Очамчыра ақалақь даҭааит. Иара ааигәа иҟалаз аԥшацәгьа иахҟьаны ааха зауз Кәартаа имҩала игылоу ауадарацәа змоу аҩнеихагыла аҭагылазаашьа даҭааны игәеиҭеит.

Очамчыра араион ахада Алхас Кациа Кәартаа имҩала игылоу ауадарацәа змоу аҩнеихагыла №34 абарҵақәа акыр ҵуеит рҭагылазаашьа уашәыраны иҟоуижьҭеи, уажәы иҟалаз амшцәгьа уи еиҳагьы иаруадаҩит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа ахада Демир Гамисониа иажәақәа рыла, арҭ абарҵақәа реиҭашьақәыргыларазы ахарџьынҵа ҩы-шықәса раԥхьагьы еиқәыршәан.  

Ари аҩны аҿы инхо ауаа Аҳәынҭқарра Ахада иахь аҳәара ҟарҵеит рыҩны ахыбреи абарҵақәеи реиҭашьақәырыгылараҿы ацхыраара риҭарц азы.  

Кәартаа имҩала игылоу ауадарацәа змоу аҩнеихагыла №36 убасҵәҟьа аԥшацәгьа иахҟьаны ааха аиуит, ахыбра ахәҭак хнахит.

Бадра Гәынба, Очамчыраҟа аинспекциатә ҭаара аихшьаалақәа ҟаҵо, аԥшацәгьа иахҟьаны зхыбрақәа хнахыз аҩнқәа рхыԥхьаӡарала уахәаԥшуазар, Очамчыра аҭагылазаашьа Ҭҟәарчал иҟоу аасҭа еиӷьуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Cухум. 13 мая 2025. Апсныпресс. Все возможности и силы направлены на решение проблем, которые возникли в Ткуарчалском районе из-за урагана, сказал президент Бадра Гунба, подводя итоги инспекционной поездки в Ткуарчал.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны Ҭҟәарчал араион аҿы ицәырҵыз апроблемақәа рыӡбаразы ҳамчқәеи ҳалшарақәеи зегьы азаҳкуеит, ҳәа Ҭҟәарчал аинспекциатә ҭаара аихшьаалақәа ҟаҵо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.

«Иҵысыз аԥшацәгьа иахҟьаны Ҭҟәарчал ақалақь аҿы ауадарацәа змоу аҩнеихагылалақәак рхыбрақәа рыхнахит. Оперативла ақалақь ауааԥсыра ацхыраара рыҭара, ауадақәа аӡы рыҩнамдарц азы излауа ала ирласны ахыбрақәа реиҭашьақәыргылара азы адҵа ҟаҵан.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Cухум. 13 мая 2025. Апсныпресс. Президент Бадра Гунба прибыл в Ткуарчал с инспекционными целями.

Президент проводит в здании администрации Ткурчалского района совещание, посвященное вопросам ликвидации последствий стихии. В ночь с 1 на 2 мая на город Ткуарчал обрушился шквалистый ветер.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслани иахьа Тҟәарчал ақалақь иаҭааит. Аҳәынҭқарра анапхгаҩцәа ақалақь иаҭааит ҩы-мчыбжьа раԥхьа иҟалаз   аԥша бааԥс ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра шымҩаԥысуа агәаҭаразы.

Аҳәынҭқарра Ахада Ҭҟәарчала араион Ахадара ахыбраҿы ҩы-мчыбжьа раԥхьа иҟалаз   аԥша бааԥс ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра иадҳәалоу азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаԥигоит.   Лаҵарамза 1 – 2 ауха Ҭҟәарчал ақалақь аҿы аԥшасра ӷәӷәа ҟалеит.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза  13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәандәрыԥшь ақыҭан ишьақәдыргылеит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибиуст.  Аскульптор – Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Витали Џьениа. Абаҟа аартра ацеремониа рхы аладырхәит Владислав Арӡынба иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергьениа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, ақыҭақәа рхадацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Cухум. 13 мая 2025. Апсныпресс. Бюст первого президента Абхазии Владислава Ардзинба установили в селе Звандрыпш.

Скульптор – народный художник Абхазии Виталий Джения.

Икьыԥхьуп Новости
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.