АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 18:25

Аҳәынҭқарра Ахада Тҟәарчал ақалақь даҭааит.

Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслани иахьа Тҟәарчал ақалақь иаҭааит. Аҳәынҭқарра анапхгаҩцәа ақалақь иаҭааит ҩы-мчыбжьа раԥхьа иҟалаз   аԥша бааԥс ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра шымҩаԥысуа агәаҭаразы.

Аҳәынҭқарра Ахада Ҭҟәарчала араион Ахадара ахыбраҿы ҩы-мчыбжьа раԥхьа иҟалаз   аԥша бааԥс ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра иадҳәалоу азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаԥигоит.   Лаҵарамза 1 – 2 ауха Ҭҟәарчал ақалақь аҿы аԥшасра ӷәӷәа ҟалеит.  

Аилатәара рхы аладырхәуеит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, араион ахада Исидор Дочиа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Герман Качарааи Беслан Емырхәбеи, Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа ахада Демир Гамисониа, араион Ахадара анапхгараҭара.

«Иалаҵоуп амшцәгьа иахҟьаны ироуз азарал азы ҩажәи жәиԥшь арзаҳал. Аиҳарак урҭ аҩнқәа ирыхнахыз ахыбрақәа ирызкуп. Аусурақәа мҩаԥысуеит, ақәоураха аӡәгьы аганаҿы даанҳмыжьӡеит. Сгәаанагарала, ҩымчыбжь рыҩныҵҟа ҳара аҭагылазаашьа инагӡаны арҽеира ҳалшап ҳәа», – Аҳәынҭқарра Ахада адырра иҭеит Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа ахада Демир Гамисониа.

Бадра Гәынба излауа ала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгатәуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада апрофильтә структурақәеи аргылаҩцәеи рахь адҵа ҟаиҵеит амшцәгьа иахҟьны ааха зауз ауааԥсыра аамҭа кьаҿ иалагӡаны ацхыраара рыҭара алдыршарц. 

 

 

 

 

 


Read 32 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.