Возвращение имени

Items filtered by date: Аԥшьаша, 29 Цәыббра 2022

Аҟәа.  Цәыббрамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион Мықә ақыҭан жәлар рныҳәатә усмҩаԥгатә даҭааит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира амшныҳәа аламҭалазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жәлар рныҳәеи аҽырҩрақәеи ахьымҩаԥысуаз. Мықә ашҭа даҭааит.

Аҳәынҭқарра Ахада ицын Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы - Лаша Ашәба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа Аминистрра аҟны иҟоу аӡбаратә експертизақәа рзы Ареспубликатә наука-ҭҵааратә Институт аҿы аексперт-квалификациатә комиссиа аԥҵоуп.

Аиустициа аминистр Анри Барцыц аексперт-квалификациатә комиссиа аилатәара ихы алаирхәит. Араҟа имҩаԥысит ихьыԥшымкәа аӡбаратә експертиза амҩаԥгара азы азин аиура азы аҳәынҭқарратә ӡбаратә експертцәа раттестациа мҩаԥысит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа.  Цәыббрамза  29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Иреиҳаӡоу амилициа ашкол арҵаҩцәеи акурсантцәеи, ааӡаратә усура Аусбарҭеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аинформациеи ауаажәларратә еимадареи рыҟәшеи аусзуҩцәа, Каман ақыҭантәи Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра ашҭанӡа апатриоттә акциа «Афырхацәа рымҩала» ианысит.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи Еибашьра  аан имҩаԥысуаз аибашьратә хҭысқәа раарԥшра, аҿар Аԥсуа ар аибашьцәа ахьеибашьуаз, иахьҭахоз аҭыԥқәа дырбара, дара анаҩс раамышьҭахь еиҵагыло абиԥара ирызнаргарц, Аиааира агара иахҭну атәы рырдырра ауп  акциа ахықәкы хаданы иҟаз.

Ари акциа ала заԥхьаҟа иафицарцәаны иҟалараны иҟоу арԥарцәа хамеигӡарала зыԥсадгьыл зыхьчоз, уи ахақәиҭра зхы ақәызҵаз рахь ирымоу аҳаҭырқәҵара аадырԥшит.

Акциа алахәылацәа Иашҭхәа ақыҭаҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит. Араҟа аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра азы иҭахаз аибашьцәеи атанкистцәеи  рбаҟа шьақәыргылоуп.

Амҩан Иреиҳаӡоу амилициа ашкол акурсантцәа шьапыла имҩасит, аӡы ирит.

Афырхацәа рымҩала акциа иалахәыз рыиасра хыркәшахеит Аҟәа ақалақь Ахақәиҭра Ашҭаҿы. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба акурсантцәа дрыдныҳәалеит. 

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.