Возвращение имени

Items filtered by date: Асабша, 17 Цәыббра 2022

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа 29 - шықәса ахыҵра аламҭалазы, Очамчыра араион Мықә ақыҭан «Мықәашҭа» адәы аҿы ажәлар рныҳәа, аҽырыҩра, итрадициатәу аицлабрақәа, уҳәа рымҩаԥгара иазкны аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит, ҳәа иаанацҳауеит Очамчыра араион Ахадара.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 16 рзы Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Гагра ақалақьтәи аҟәша аԥыԥшырҭа-еиқәырхаратә Отриад аԥсеиқәырхаҩцәа ироуз адырра ала  Гагра араион Аибӷа ақыҭахь амҩа иқәлеит. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Луганск ақалақь аҿы инхо, аха уажәы Аибӷа ақыҭаҿы иҟаз 1978 шықәса рзы ииз Вухрева Татиана Иури-иԥҳа  илымаз агәаҵәачымазара ахҟьаԥҟьа лызцәырҵра иахҟьаны иаарласны ахәышәтәырҭахь днагатәхеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аделегациа Брианск ақалақь Амш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа ахы аланархәуеит. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба напхгара зиҭо аделегациа алахәылацәа агәалашәаратә ҭыԥқәа - амемориалтә комплекс «Хацунь», «Апартизанцәа рыдәҳәыԥш» ирҭааит. Урҭ 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит, амемориалқәа рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара асаит.  

Акомплекс «Хацунь» Брианшьина иҟаз афашисттә режим иалаӡыз ргәалашәара анаунагӡара иазкуп. Амемориал аҿы анышә иамадоуп иҭахаз аҭынч уааԥсыреи асолдатцәа-аиқәырхаҩцәеи.  Араҟа иара убас иҟоуп амузеи. Уаҟа ицәыргақәҵоуп афашистцәа Брианск аҭынч уааԥсыреи апартизанцәеи цәгьаԥсышьа шрырҭоз зырҵабыргуа аршаҳаҭгақәа.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.