АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Цәыббра.2022

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АДЕЛЕГАЦИА БРИАНСК АҚАЛАҚЬ АЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА ДУӠӠА АҾЫ ИҬАХАЗ РБАҞА АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬАРҴЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аделегациа Брианск ақалақь Амш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа ахы аланархәуеит. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба напхгара зиҭо аделегациа алахәылацәа агәалашәаратә ҭыԥқәа - амемориалтә комплекс «Хацунь», «Апартизанцәа рыдәҳәыԥш» ирҭааит. Урҭ 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит, амемориалқәа рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара асаит.  

Акомплекс «Хацунь» Брианшьина иҟаз афашисттә режим иалаӡыз ргәалашәара анаунагӡара иазкуп. Амемориал аҿы анышә иамадоуп иҭахаз аҭынч уааԥсыреи асолдатцәа-аиқәырхаҩцәеи.  Араҟа иара убас иҟоуп амузеи. Уаҟа ицәыргақәҵоуп афашистцәа Брианск аҭынч уааԥсыреи апартизанцәеи цәгьаԥсышьа шрырҭоз зырҵабыргуа аршаҳаҭгақәа.  

Брианшьина ауааԥсыра Аџьынџьтәылатәи еибашьара Дуӡӡа аан афронтқәа зегьы рҿы еибашьуан, иара убас апартизанцәеи агәыԥмаӡақәеи реилазаараҿы афашистцәа ирҿагыланы иқәԥон.  Афашистцәа рыла Бриансктәи аобласт аокупациа аназуз аамҭазы иршьит, иара убас абомбалажьрақәа раан иҭахеит  75 274 – ҩык аҭынч уааԥсыра, анемецтә хәура ахь иалцаны ишьҭын  154 нызықь ҩык инарзынаԥшуа, иблын 1016 нхарҭатә пунктқәа. Брианшьина аокупациа аамҭа иалагӡаны, нанҳәамза  8, 1941 шықәса инаркны цәыббрамза 28, 1943 шықәсанӡа, уи атерриториа аҿы иаԥҵан иҭҟәаз аибашьҩцәа рлагерқәа 7, аҭынч уааԥсыра рзы алагерқәа 7, абахҭақәа 5, агеттоқәа 2. Амемориалтә комплекс «Апартизанцәа рыдәҳәыԥш» Бриансктәи абна, аӡиас Снежеть аԥшаҳәаҿы игылоуп.  Уаҟа апартизантә қәԥара иазку астела гылоуп, иара убас иҭахаз рыхьӡқәа зну агәалашәаратә аҭӡи аџьаз иалху асимволикатә ҟазшьа змоу аскульптурақәеи  шьақәыргылоуп, апартизантцәа зыҩназ анышәҩнқәа рреконструкциа, арратә техника аекспозициа, уҳәа убас иҵегьы. Акомплекс иахьаҵанакуа иҟоуп аӷа ила аокуппациа зызуз Бриансктәи аобласт аҿы зымҽхак ҭбааз апартизантә қәԥара Амузеи.

Бриансктәи апартизанцәа реилазаараҿы еибашьуан 60 нызықь ҩык, урҭ 129 отряд еиднакылон.

Брианск афашистцәа ракупациа аҟынтәи ахы иақәиҭтәын цәыббрамза 17, 1943 шықәса рзы.

Аҟәа ақалақь аделегациа иара убас иддырбеит асквер «Аиааира абаҳча», уи аԥҵан 2021 шықәсазы. Апроект аԥшьгаҩ – ақалақь ахада Марина Дбар.  Абаҳча ахь инагоуп 145 шьапҿаԥса змоу Брианск ахаҳәтә мардуан хада.


Read 414 times - Асабша, 17 Цәыббра 2022 15:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.