Items filtered by date: Ахәаша, 24 Мшаҧы 2026
«Ҳара ҳзы ари Афорум аҵак ҷыда амоуп, избанзар 2026 шықәса Беларуссиатәи ареспубликаҿы аԥҳәыс илышықәсны ирылаҳәоуп. Ҳреспублика аԥҳәыс Аԥснытәи акыр длеиԥшуп. Лара ахәышҭаара лыхьчоит, ақәҿиара змоу наплакҩуп, аԥсҭазаара ганрацәала далахәуп. Уаанӡа ахацәа ирзанааҭуп ҳәа ирыԥхьаӡоз ахырхарҭақәа лнапаҿы иаалгоит. Урҭ адгылара ду риҭоит ареспублика ахада Александр Лукашенко».
Солдатенко Афорум алахәылацәа ирзеиӷьалшьеит лыҵшәа бзиала аусуреи аизҳазыӷьареи.
«Ҷыдала иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Бадра Зураб-иԥа Гәынбеи Аԥсны аҳәса рбизнес аҿиара зыбзоуроу Иулиа Гәымбеи. Акыр шықәса инеиԥынкыланы аҳәса рыдагьы анаплакыҩцәа аӡәырҩы ҳрыцхраауеит, аус еицаҳуеит. Ҳара Афорум иазеиӷьаҳшьоит ақәҿиарақәа, аидеиа ҿыцқәеи!»- лҳәеит Дыбова.
Бадра Гәынба иқәгылараҿы иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу афорум алахәылацәа! Гәык-ԥсыкала бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит аҳәса наплакыҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум «Аԥсны - 2026» ахь.
Адевиз «Иҭышәынтәалоу аҿиареи, аԥхьагылареи, аинновациеи» зманы имҩаԥысуа ҩымштәи аусмҩаԥгатә еизнагеит абизнес-еилазаара ахаҭарнакцәа, аекспертцәа, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа.
Афорум мҩаԥыргоит ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны аҳәса наплакыҩцәеи» Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ицхыраарала.
Аусмҩаԥгатә аҵакы змоу арыцхә иадҳәалоуп, аиҿкаара «Аԥсны аҳәса наплакыҩцәа» 25 шықәса ахыҵра иазкуп.
Сухум. 24 апреля 2026. Апсныпресс. В столице Абхазии начал работу Международный форум деловых женщин «Абхазия - 2026».
Двухдневное мероприятие, проходящее под девизом «Устойчивое развитие, лидерство и инновации», собрало на своей площадке представительниц бизнес-сообщества, экспертов и государственных деятелей.
Агеноцид иалаӡыз ргәаладыршәарц имҩахыҵит аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Џьансыхә Нанбеи Вараздаҭ Миносиани, Аԥсны аерманцәа рхеилак ахаҭарнакцәа.
Абри азы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиути Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра атранспорт азы аусбарҭа хада аиҳабы Олег Калинкини русуратә еиԥылараан ҳәа аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.








