АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 12:00

Ҳаамҭазтәи апатрультә катер Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ҳамҭас иаҭоуп

Абри азы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиути Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра атранспорт азы аусбарҭа хада аиҳабы Олег Калинкини русуратә еиԥылараан ҳәа аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Аӷба аҭаразы аполициа аинрал-леитенант Олег Калинкин хаҭала Аԥсныҟа дааит. Акатер ахархәара аиуеит аӡымҽхак аԥыԥшразы, ауаа рыԥшааразы, реиқәырхаразы, иара убас аӡаҿы административтәи егьырҭ азинеилагарақәеи раԥырҟәҟәааразы. Акатер иахәҭоу амыругақәеи, алашареи, аимадареи рыла еиқәыршәоуп, уи аусзуҩцәа уахгьы ҽынгьы иқәгылоу адҵақәа рынагӡара рылшоит.

Авидео - Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.


Read 25 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.