Иҭабуп ҳәа расҳәоит аамҭа ԥшааны аԥышәеи агәаанагарақәеи реимдаразы Аԥсныҟа имҩаԥысыз асасцәа зегьы. Шәара шәыҟазаара-ари аусеицура аҿиареи, агәрагара арӷәӷәареи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы алшара ҿыцқәа раԥҵареи рҿы лагалоуп.
Лымкаала иҭабуп ҳәа расҳәоит афорум аиҿкааҩцәа. Шәара шәаԥшьгареи шәлагалеи ирыбзоураны иаԥҵахоит иҿыцу, апрогрессивтә идеиақәа ахьиуа аҭыԥқәа. Ас еиԥш иҟоу афорумқәа аҵак ҷыда рымоуп. Урҭ ззанааҭдырра ҳараку ауаа реидкылара адагьы, инаҵшьны иазгәанаҭоит иахьатәи адунеи аҿы - аекономикаҿы, анапхгараҭараҿы, ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы аԥҳәыс лроль.
Аԥсуа еилазаараҿы аԥҳәыс еснагь аҭыԥ ҷыда аанылкылон. Лара ахәышҭаара ахьчаҩ лакәын, аҟәыӷара дасимволын, амчи алшареи дырхыҵхырҭан. Аҳәса ракәын изааӡоз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа. Уи ус шакәу дырҵабыргуеит ажәытәтәи ажәабжьқәеи нарҭаа репоси. Саҭанеи Гәашьа лхаҿсахьа ианыԥшуеит аҟәыӷареи аҩныҵҟатәи амчи.
Аԥсны иҿыцу аҭоурых аҿы аҳәса рроль хәы амаӡам. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан урҭ абџьар шьҭыхны рашьцәеи ирыдгыланы рыдгьыл гәакьа ахақәиҭра азааргон. Аԥсадгьыл Афырхацәа зааӡаз анацәа рҿаԥхьа иҳаду ауал ҳазшәом.
Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан аҳәса ирылшаз рацәоуп аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы. Ахацәа аҳәаа ианзахымсуаз, урҭ аҭакԥхықәра рхахьы иргон, ауадаҩрақәа ириааиуан, рҭаацәарақәа ныҟәыргон, рхәыҷқәа рааӡон. Урҭ хьыӡла-ԥшала ишьҭыхны иргон рыжәҩа иқәҳаз аидара ду.
Иахьагьы аҳәса аҵакы змоу ароль нарыгӡоит атәыла аҿиараҿы. Урҭ қәҿиарала рхы аадырԥшуеит аполитикеи, аҳәынҭқарратә усуреи, ауаажәларратә ԥсҭазаареи, абизнеси, аҵареи, акультуреи рҿы. Ҳреспублика аҿиараҿы рлагала ахә ашьара уадаҩуп.
Агәра ганы сыҟоуп афорум амҩаԥгараан ишышьҭыххо актуалра злоу, акрызҵазкуа атемақәа.
Акыр иаԥсоу аҳәса-алахәылацәа!
Ишәзеиӷьасшьоит хра злоу аусура, аҵакы змоу аиҿцәажәарақәа, агәалашәара ԥхақәа».
сегодня 17:51
Атәыла ахада афорум азанааҭтә диалоги аԥышәа аимдареи рзы иамоу аҵакы азгәеиҭеит
Бадра Гәынба иқәгылараҿы иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу афорум алахәылацәа! Гәык-ԥсыкала бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит аҳәса наплакыҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум «Аԥсны - 2026» ахь.






