Items filtered by date: Ашәахьа, 06 Хәажәкыр 2023

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 7, асааҭ 17:00 рзы ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны иаатуеит Аԥсны аҳәса-асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа «Аԥҳәыси аҟазареи. Аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи». Ацәыргақәҵа Жәларбжьаратәи аҳәса рымш-Хәажәкыра  8 иазхоит.

Ацәыргақәҵа аҿы ицәыргақәҵахоит еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иаԥҵаз аҿыханҵақәа, аграфика, адекоратив-напкымҭатә ҟазара, уҳәа аекспозициақәа маҷымкәа.

Ацәыргақәҵаҿы аҭааҩцәа ахәаԥшразы ирыдгалахоит Марина Ешба, Варвара Бубнова, Ольга Брендель, Валентина Хәырхәмал, Зоиа Аџьынџьал, Венера Гагәылиа, Лиудмила Будиак, Мактина Ҵәыџьба,  Диана Хьынҭәба, Аԥшьи Ҳагба,  Асҭанда Адлеиба, Мариа Ԥлиа, уҳәа убас егьырҭгьы русумҭақәа.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Донецктәи Жәлартә Республика аҟынтәи Аҟәеи Гәдоуҭеи иааргеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Донбасс ахьчараан иҭахаз  Адам Лагәлааи Нодар Абыџбеи рыԥсыбаҩ. 

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа иазгәарҭоит ашәҟәыҩҩы ду, ахәыцҩы, адыр – Фазиль Абдул-иԥа Искандер иира Амш.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса Аҟәа ақалақь аҿы, хылҵышьҭрала иџьамыз  ақьырмыҭ зауад ԥыхьатәи ампыҵакыҩ иҭаацәараҿы. 1938 шықәсазы заԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхараны иҟаз Фазиль иаб адепортациа аҳасабла Асовет Еидгыла далганы ддәықәҵахеит. Уаҳагьы аби аԥеи изеибамбаӡеит. Фазиль изҳауан Чегем ақыҭа, ианшьцәа рҿы.

1947 шықәсазы Фазиль Искандер Аҟәа ақалақь аҿы аурыс школ далгеит ахьтәы медал ала, анаҩс дҭалеит Москватәи абиблиотекатә Институт, 1951 шықәсазы дыиасит А.М.Горки ихьӡ зху Алитературатә Институт ахь. Уи далгеит 1954 шықәсазы.  Аус иуан Курски Воронежи ргазеҭқәа рҿы. 1956 шықәсазы Аҟәаҟа дхынҳәит, Аҳәынҭқарратә ҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс аус иуан.  Аҭаацәара даналала ашьҭахь, 1962 шықәса инаркны уи иааиԥмырҟьаӡакәа Москва ақалақь аҿы дынхон. Фазиль Искандер раԥхьаӡатәи ипоетикатә рҿиамҭақәа цәырҵит 1952 шықәса азы, раԥхьаӡа ипроза акьыԥхь абеит  1956 шықәсазы ажурнал «Пионер» адаҟьақәа рҿы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Адаҟьа 2 - 2
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.